Лента событий ВААК
Апроект «Абаза жәлар рыхәмаррақәа» Урыстәылатәи аицлабра «Ахәмарра уалоуп» афиналбжахь инеит!
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ажәабжь бзиа ҳамоуп — хадара злоу ҳаспорттә проект афедералтә ҩаӡара ҿыц аҽаҧсанатәит. 2014 шықәса инаркны «Абаза спорт Академиеи» Мусса Егзакь напхгара зиҭо Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашареи» имҩаҧыргоит «Абаза жәлар рыхәмаррақәа». Жә-шықәса ирылагӡаны жәлар ролимпиатә хәмаррақәа рҟазшьа зауз аицлабрақәа афестиваль «Абаза» иахәҭакхеит. Есышықәса ари аспорт аныҳәа еиднакылоит шәҩыла алахәцәеи зқьҩыла ахәаҧшцәеи. Асасцәа еизоит Ҟарачы-Черқьессиа, Аҧсны, Ҟабарда-Балкариа, Москва, Ставрополь уҳәа егьырҭ арегионқәа рыҟнытә.
Абар, «Абаза жәлар рыхәмаррақәа» УА Аспорт аминистрра аҟнытә урыстәылазегьтәи аспорттә проектқәа реицлабра афиналбжахь инеит!
Ари еихьӡара дууп:
Урыстәыла ахы-аҵыхәа зегьы аҟнытә иаларҵеит арзаҳалқәа 5500. Ҳара ҳтәы - иреиӷьқәоу рыбжьара иҟоуп. Уажәазы имҩаҧысуеит зегь реиҳа зҵакы дуу - жәлар рыбжьыҭира.
Ҳара ҳауп знапы иану афинал ахь анеира азҵаара аӡбара!
Абжьыҭира мҩаҧыслоит лаҵарамза хәбанӡа, уи амш налаҵаны. Зегьы ҳабжьы аҭахуп!
Абаза жәлар рспорттә ҵасқәа реиқәырхара шәадгыл!
Жәыбжьы шәҭиир ҟалоит абра: https://тывигре.рф/
Ари ажәабжь шәҩызцәа идшәырба!
Шәааи ҳаидгыланы урыстәылазегьтәи аилазаара идҳарбап Абаза хәмаррақәа рыҧшӡареи рымчи!