Лента событий ВААК
АААК апресс-центр аҿы имҩаҧысит Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҧылара
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Аҟәатәи аофис аҿы имҩаҧысит Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтинскии ақалақь аҟнытә иааз Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр» ахаҭарнакцәеи реиҧылара.
«Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр» ахаҭарнакцәа ицәырыргеит аекологиеи, аҵареи, агәабзиарахьчареи, акультуреи рырҿиара иазынархоу апроектқәа. Иара убасгьы, Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи рылахәцәеи рнапы злаку аус иалацәажәеит. Аиҧылара аихшьаалақәа ҟаҵо, аганқәа еибырҳәеит аусеицуразы ирымоу алшарақәа зеиҧшроу.
«Гәыкала». Ансоу Ануа
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» - еиуеиҧшым аусхкқәа знапы алаку ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәыргылоу аинтервиуқәа рсериа.
Изаамҭанытәиу аҭыжьымҭа асас - АААК Ҷлоутәи аҭыҧантәи ахаҭарнакра анапхгаҩы, амилаҭтә хәмаррақәа рзы Ҷлоутәи агәыҧ азыҟаҵаҩ Ансоу Ануа.
Амилаҭтә хәмаррақәа рзы агәыҧ аизгара ргәазырҧхаз, уадаҩрақәас иӡбатәхаз, аспорт абзиабаҩцәа амилаҭтә хәмаррақәа рзы атәыла ачемпионат ишаиааиз ирызкны - шәахәаҧш иазҳархиаз аинтервиу.