Лента событий ВААК
9 Лаҵара 2025
09.05.2025 12:50
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
АААК агәыҧ иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит Аҟәа Идырым аибашьҩы ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
1941-1945 ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира сынтәа 80 шықәса ахыҵит. Афашизм иаҿагылан Аҧсны аҵеицәагьы. Архивтә материалқәа инарықәыршәаны, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахьынӡацоз Асовет ари Арра-мшынтә флоти рахь инаҧхьан 55,5 нызқьҩык Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рыҟнытә аҩныҟа изымхынҳәит 17,5 нызқьҩык ауааҧсыра. 23-ҩык ҳтәылауаа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан, 3-ҩык рҽаҧсартәит Аҳаҭыр аорден рыхҩаӡарак.
0