Лента событий ВААК
Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы атренинг имҩаҧысит Аацы ақыҭа.
АААКи Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» иацырҵоит еицырзеиҧшу апроект анагӡара. Ус, асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз атренинг мҩаҧыргеит Аацытәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы. Иазгәаҭатәуп, уи аҧхьаҟа 2025 шықәса иалагӡаны даҽа ҭыҵракгьы шеиҿыркаахьоу.
Еснагь еиҧш, атренинг мҩаҧысуан ҩымш, атеориатә хәҭеи апрактикатә хәҭеи рыла ишьақәгылан. Раҧхьатәи амш азы Мате Цквитариеи Наида Абидовеи ахәыҷқәа ирымардеит хадара злоу адыррақәа, ирыцхрааит ауадаҩрақәа ралкаараҿы. Аҩбатәи амш азы ашколхәыҷқәа ирҵон абиуџьет аиқәыршәашьа, анаҩс гәыҧла рыҽшаны ицәырыргеит рхала еиқәдыршәаз апроектқәа.
Аацытәи абжьаратә школ аҿы хкыла ирацәаны апроектқәа ӡырыргеит. Аҵаҩцәа злацәажәоз ауадаҩрақәа еиуеиҧшымызт. Уахь иаҵанакуеит амедицинатә пункт аиҿкаара, ашколтә библиотека аиӷьтәра, ашәҟәытә клуб аҧҵара уҳәа. Аха еиҿкааз абжьыҭираҿы аиааира агеит аспорт маҭәахәқәа рыла ашкол аиқәыршәара иазкыз апроект, уи азы рыбжьы рҭиит аҵаҩцәа реиҳараҩык.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку апроектқәа Аҧсны ақыҭақәа рыҟны имҩаҧнагоит 2024 шықәса инаркны. 2025 шықәса инаркны апроект анагӡара алыршахоит Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтинскии ақалақь аҟнытә Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр» ацхыраарала. Уи хықәкыс иамоуп ашколхәыҷқәа апроекттә усура ралагалара, рхәыцшьеи арҿиаратә процесси рырҿиара.