АААК Иреиҳӡоу ахеилак алахәцәа Аконгресс аусура абжьаратәи аихшьалақәа ҟарҵеит, ԥхьаҟазгьы ихадоу ахырхарҭақәа алыркааит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа аԥшьаша, жьҭаара 17 рзы имҩаԥысыз изаамҭанытәиу реилатәараҿы ирылацәажәеит ҳаамҭазтәи Аконгресс аусуреи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи.

Аилатәара аартны, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ажәа ииҭеит ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, уи еизаз ирылеиҳәеит амшхәаԥштә азҵаарақәа. Урҭ азҵаарақәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак апрезидиум алахәцәа иацтәи реилатәараҿы излацәажәаз ракәын.

Аконгресс ахь алахәцәа ҿыцқәа рыдкылара шымҩаԥысуа атәы инарҭбааны еиҭеиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. Иара иазгәеиҭеит иахьазы Аконгресс арегионалтә еилазаашьа ашьагәыҭ шьақәыргыланы ишыҟоу.

«Есыҽны Аконгресс ахь алахәцәа ҿыцқәа рыдкыларазы активлатәи аусура мҩаԥысуеит, абри аусура иабзоураны шықәсыки бжаки рыла АААК иалалахьеит зықьҩык ауаа инареиҳаны. Аԥсны иҟоу арегионалтә хеилак дахагылеит Инар Гыцба [абраҟа] АААК иалалеит 346-ҩык алахәцәа ҿыцқәа, ҞЧА иалалеит 390-ҩык, ҞБА – Владимир Ԥшьеноҟәа, 30-ҩык, Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны – Армида Чагәа, 38-ҩык, Москва – Даур Барганџьиа, 80-ҩык, Санкт-Петербург – Ҭемыр Рекәаа, 35-ҩык. Арегионалтә хеилак аус ауеит иара убас Аҷариа», – иҳәеит Кан Ҭаниа.

Иқәгылара хыркәшауа иара иазгәеиҭеит арегионалтә хеилакқәа рымчқәа еибырҭароуп ҳәа Аконгресс иалало рхыԥхьаӡара иацларц.

Анаҩс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа рҿаԥхьа дықәгылеит АААК аппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Калинкин, уи еиҭеиҳәеит шықәсыки бжаки рыла аиҿкаара ныхтәқәас иамаз атәы.

«2018 шықәса инаркны 2019 шықәса цәыббрамзанӡа АААК аныхтәқәа зегьы ааидкыланы иуԥхьаӡозар, 37 миллион мааҭ артәоит. Арахь иаҵанакуеит Аконгресс аинформациатә портал аныҟәгарагьы, иара убас АААК аусзуҩцәа руалафахәы, Аконгресс аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара», – иҳәеит иара.

Калинкин иазгәеиҭеит, иахьазы Аконгресс афинанстә, аматериалтә-техникатә, аресурстә еиқәыршәарақәа зегьы шынаигӡо АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. АААК ауснагӡаратә директор убри инацҵаны иҳәеит, Аконгресс аусура афинанстә еиқәыршәара ахәҭак шымҩаԥиго Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрба.

Аиԥылараҿы иқәгылаз Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа ажәалагалақәа ҟалҵеит. Хаҭала иаҳҳәозар, Аконгресс алаларазы арзаҳал аформат аелектронтә вариант ахь ишиагаз, иара убас алахәҩы иаршаҳаҭрагьы аелектронтә версиала иҭаразы алшара шыҟоу атәы. Арҭ ажәалагалақәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа еицҿакны ирыдыркылеит.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Олег Барцыц аиԥылара алҵшәақәа дрылацәажәо иазгәеиҭеит, Мусса Егзакь инапхгарала АААК имҩаԥнаго аусура «аҳаҭырқәҵара дуӡӡа узцәырнагоит» ҳәа, уи иалоу аҿарацәа иаадырԥшуа активрагьы убас. Иара агәра ганы дшыҟоу иҳәеит, абас еиԥш иҟоу аусура «хара имгакәа алҵшәа бзиақәа шаанашьҭуа» азы.

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алахәра иамоу ахьӡ-аԥша аизҳара иаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп, Аконгресс хыԥхьаӡара рацәала алахәцәа змоу еиҿкаараны ишыҟало. Аконгресс агәыцә аус шыруа збоит, амедиа аганахьала даара еффективла аус руеит, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы АААК иалалараны иҟоу аинформациа рыҭара аганахьала. Ари аџьабаа, хымԥада, иаарласны ибзабааны ишәԥылоит», – ҳәа иажәа иалаҵаны иҳәеит Олег Барцыц.

Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәарақәа еиԥмырҟьаӡакәа аамҭа-аамҭала имҩаԥысуеит. Ԥыхьатәи аилатәара мҩаԥысит 2019 шықәса, рашәарамзазы, Сҭамԥыл. Уаҟа ирылацәажәеит АААК шықәсык ала имҩаԥнагаз аусура алҵшәақәа.