Асовет Еидгыла арбџьармчқәа рполковник, Аԥсны Аҳәынҭқарра аинрал-леитенант Султан Сосналиев имшира аҽны АААК аинфопортал иазнархиеит иԥсҭазаара иазку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Аибашьрахь дааит Асовет Еидгыла арбџьармчқәа дырполковникны — иԥсадгьыл ахь дхынҳәит Аԥсны Аҳәынҭқарра аинрал-леитенант ҳәа ахьӡ иманы. Аҟабарда Султан Сосналиев, хатәгәаԥхарала Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьраан (1992-1993) аԥсуаа дрывагыланы деибашьуан.​

1992 шықәсазы, аԥышәа ду змаз аруаҩы Султан Сосналиев дыруаӡәкуп аԥсуа жәлартәы ардыԥхьала иӷәӷәоу ар ҳәа аиҭакра зылшаз. Аԥсны аиааира азаазгаз, ишьаарҵәыраз аибашьрагьы аҵыхәа ԥызҵәаз – цәыббратәи ажәылара стратегс иамазгьы иара иоуп. 

Зхәыҷра инаркны ифырхаҵаз

Султан Сосналиев хылҵшьҭрала ижәытәӡоу аҟабарда ҭауад жәла датәуп. Иҟан аамҭак урҭ Тлостаналиеваа, Сусналиеваа ҳәа ианрышьҭаз. Урыстәыла 1917 шықәсазы иҟалаз ареволиуциа (аҳра ахҳәаны, Асовет мчра анышьақәгылаз – аред.) ашьҭахь, Сосналиев иабдуцәа ҭынч анхаразы аҭагылазаашьа рымамызт, ркыдцалара иалагеит. Уи аҩыза алахьынҵа Султан иаб Асламбекгьы изыԥшын, амала, аамҭак ашьҭахь уи идҵаз ахара ихыхын, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагагьы, афронт ахь днаԥхьан.

Султан Асламбек-иԥа Сосналиев диит ақыҭа Виноградное, 1942 шықәса, мшаԥы 23 рзы. Аамҭак азы уи ақыҭа Ҟабарда-Балкариатәи Асоветтә Республикахь иаҵанакуан, 1953 шықәса ашьҭахь Нхыҵ-Уаԥстәылатәи Асовет Респблика, Маздоктәи араион иахәҭакны иҟаҵан. Султан иан Таужан Анзор-иԥҳа ҩыџьа аҷкәынцәа лааӡон: Султани, иашьеиҵба Анатолии. Ихәыҷраамҭазтәи иҩызцәа ражәақәа рыла, Сулҭан дшыхәыҷыз инаркны иааирԥшуан илаз ахаҵареи, агәымшәареи, иеиҵбацәа есымша ихьчон. Уи ибзианы иаанарԥшуеит абри ахҭыс: Султан Асламбек-иԥа иқыҭаҿы инхо Мурҭаз Умов игәалашәоит Султан ҩыџьа аҷкәын хәыҷқәа, аӡиас Терек агара иаҿыз, рыԥсы шеиқәирхаз.

«Аԥырҩы иԥишәар зыхәҭаз зегьы, ԥишәеит»

Ашкол даналга ашьҭахь, Султан Сосналиев иӡбоит иԥсҭазаара арра маҵура иазикырц: дҭалоит Сызрантәи иреиҳаӡоу арратә аҳаирмчытә аԥырыҩцәа рҵараиурҭа. Уаҟа, аинструктори иареи раԥхьатәи рыԥырра изцәырнагеит дыззыԥшӡамыз ацәаныррақәа.

Сосналиев ихаҭа уи абас игәалаиршәон: «Схы шаҟь-шаҟьо, сыла ихгылоуп зны ажәҩан, нас – адгьыл… абри зегь абасҭаху ҳәа оуп схы иҭоу. Ҳантәа, аинструктор дсазҵаауеит: «нас, иугәаԥхама?» ҳәа. Исылаз ахаҵара зегьы еизганы «ааи» ҳәа иасҳәеит. Иҟалаз зегь еиликаан, сыжәҩахыр инапы нықәҵаны ус сеиҳәеит: «иҟалоит аамҭа, аԥыррада уԥсҭазаара ухаҿы ианузаамго» ҳәа.

Убас иагьыҟалеит: Султан Сосналиев аҵараиурҭа аҵаҩцәа зегьы иреиӷьу дыруаӡәкхоит. Иҵара анхиркәша иара данысит амҩа – аԥырҩы инаиркны аполк акамандаҟаҵаҩы иҟынӡа. Аинтервиуқәа руак аҟны Сосналиев иазгәеиҭон: «Аҳаирмчра иаҵанкуа ҳәа ухаҿы иузааго зегьы шьҭыскааит. 500-нтә инареиҳаны аҳаирплан аҟнытә сыԥахьан. Аԥырҩы иԥишәар зыхәҭаз зегьы ԥысшәеит, иснырит. Акырынтә сақәшәахьан аԥсҭазаара азы ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа, сыԥсы еиқәхеит алахьынҵеи, аманшәалареи, апрофессионалреи рыбзоурала».​ ​

1978 шықәсазы далгоит Асовет Еидгыла амаршал Георги Жуков ихьӡ зху Арбџьармчытә Абираҟҟаԥшьтә (Краснознаменнаиа) академиа. 1989 шықәсазы, Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз арратә ԥырҩы ҳәа ахьӡ иманы Сосналиев Асовет Арбџьармчқәа рҟнытә дцоит хатәгәаԥхарала. Иазгәаҭатәуп, Асовет Еидгыла ыҟанаҵ, адыгацәа рыҟнытә иара заҵәык шиакәу абас зыҩаӡара ҳараку ахьӡ занашьахаз.​

«Баша сцоит, иҟоу еилыскаап»

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналагоз аамҭазы, Султан Асламбек-иԥа 50 шықәса ихыҵуан, Ҟабарда-Балкариа иҟаз аргыларатә хеидкыла «Каббалкгражданстрои» аҟны адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс аус иуан. Сосналиев, усҟантәи ашықәсқәа рзы иаԥҵаз Кавказтәи Ашьхарыуаа жәлар Рконфедерациа арра аҟәша еиҳабыс иҟаз, ибзиаӡаны еиликаауан, Аԥсны имҩаԥсыуа ахҭысқәа иаарту бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара шахылҿиаауа атәы. Аибашьра алагаанӡа диабадырит Владислав Григори-​ иԥа Арӡынба, хаҭала даҭаахьан Қырҭтәыла Аԥсныи рҳәаа, аӡиас Егры – арратә профессионалк иаҳасаб ала, уаҟатәи аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы.​ ​ ​

Иҟаҵаз аихшьалақәа угәы шьҭырхуамызт. Сосналиев иинтервиуқәа руак аҟны еиҭеиҳәон: «Аԥсны аиҳабыреи сареи ҳаиԥыларақәеи, имҩаԥысуа ахҭысқәа реилыргареи, Егры аҭаареи рышьҭахь, иреицәаӡоу агәаанагарақәа шьақәырӷәӷәан: Қарҭтәыла ахықәкы – Аԥсны ахьыԥшымра аԥыхреи, аԥсуа жәлар рбызшәеи, ркультуреи рырӡреи азы, абџьар шьҭыхны Аԥсны ажәылара иазыхиоуп.

Султан Асламбек-иԥа иԥшәмаԥҳәыс Лиубов Сосналиева лажәақәа рыла, нанҳәа 14 рзы, Аԥсны аибашьра аналага аҽны, Сосналиев акыр ихьшәаны аҩныҟа дшааиз, иаарласны крыфаны, имаҭәақәа неидкыланы, икуртка аашьҭхны, «баша сцоит, иҟоу еилыскаап» ҳәа ҳәаны Аԥсныҟа дцеит. Аамҭак ашьҭахь рыуацәа рыҟнытә Лиубов Сосналиева илаҳауеит, Султан Асламбек-иԥа аибашьра агәҭацәҟьа дшалагылоу, жәлар рҿагылара аштаб еиҳабыс дшыҟоу.

Анамыси ашьеи рныҩбжьы

Ԥсоу аӡиас дықәсны, ақырҭуа ардыԥхьалақәа рнапаҿы иҟаз Гаграгьы далсны, 1992 шықәса, нанҳәа 15 рзы, Султан Сосналиев Нхыҵ-Кавказтәи хатәгәаԥхарауаа гәыԥҩық дрыцны Гәдоуҭатәи аштаб аҿы дыҟан, иашьцәа аԥсуаа днарывагылеит. Аамҭак ашьҭахь, уи дахцәажәо иинтервиуқәа руак аҿы иҳәеит: «Аԥсныҟа анамыс ауп саазгаз» ҳәа.

Султан Сосналиев Аԥсныҟа иаара, ицхыраареи идыррақәеи ахьаҭахыз мацара азакәӡам, раԥхьаӡа иргыланы иара «иныруан ишьа аныҩбжьы». Уи агәра ганы дыҟоуп, ауаажәларратә усзуҩ Геннадии Аламиа. Игәалашәоит, ақалақь Грозныи аҟны Сосналиеви иареи раԥхьаӡакәны ианеиқәшәа, Султан Асламбек-иԥа иажәақәа: «Кавказ ахықәцә аҟынтәи, Аԥсныи Ҟабардеи иаку дгьылны иҟоуп, аҳәаақәа ҳәа акгьы убом».

Султан Сосналиев ипрофессионализмреи, идыррақәеи, имоу ахачҳареи, ҳәарада, аибашьра ацашьаҿы анырра ду анаҭеит.

Алакҩакра ззымдыруа «Жәаҩатәи» ибжьы

Султан Сосналиев илегендартә хачҳара атәы рҳәоит, арациа ала ибжьы заҳахьаз зегьы. «Жәаҩатәи» - убри акәын дыргахьӡыс имаз Султан Сосналиев. Ианакәзаалак, ииҳәоз зегьы еилыкка, усла, гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьарада иҟан.

Агәыҭҟьа-ԥсыҭҟьара ибар ҟалаӡомызт, аибашьраҿы зегьы реиҳа ишәарҭоу акы акәны иԥхьаӡон. Уи иазку ахҭыс, ибзиаӡаны еиҭеиҳәоит Аԥсны афырхаҵа Гарри Саманба. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан, иара иаҳаит иқыҭа азааигәара аӷацәа адиверсиа мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу. Уи атәы днеины Сосналиев иеиҳәеит, аха Султан Асламбек-иԥа илагь еихамҟәыскәа, «ухаҭа иумбазар, уи – гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьароуп» ҳәа иҳәеит.

«Аибашьышьа ҳирҵеит» ҳәа захьӡу астатиаҿы, Саманба иҩуеит: «Ажәыларатә операциақәа ҳҽаназыҟаҳҵоз, Султан Асламбек-иԥа, ҟәышрыла, иаамысҭашәаны акомндаҟаҵаҩцәа иҳаиҳәон иҟаҵатәу, ажәылара қәҿиарала имҩаԥысырцазы».

Султан Сосналиев, зхыԥхьаӡара рацәамыз, Аԥсны иадгыланы еибашьуаз акадртә аруаа дыруаӡәкын. Усҟантәи аамҭазы апрофессионалцәа рацәамызт. Иҟақәаз рахьтә рыӡбахә умҳәар ауам, иналукааша арратә специалист, Аԥсны афырхаҵа, аинрал Сергеи Дбари, аинрал-маиор Владимир Аршбеи.

Аршба игәалашәарақәа рҿы ус иҩуан: «Ҳаидтәаланы ипрофессионалтәу (арратә) бызшәала ҳаицәажәон, арратә операциақәа рымҩаԥгашьақәа аус адаҳулон, уи аамҭазгьы – адунеи зегьы зыршынхаз ар аԥҵара ҳаҿын».

Ашәареи ахашшареи ззымдыруаз арыцар

Аибашьра анцоз раԥхьатәи иааира дуны иҟалеит Гагра ахақәиҭтәра. «Абри аоперациа аплан ашьақәыргылараан Сосналиев аштаб хада акомандаҟаҵаҩ иаҳасаб ала, арратә, аиҿкааратә ҟыбаҩ иааирԥшыз адагьы, ажәылара ицо ауаа рыпсихологиагьы идыруан, иҳәатәыз ажәа иԥшаауан. Милаҭла еибатәыз ауаа рыла аотриадқәа анышьақәгылоз аамҭазы, ари иҟазшьа аҵак ду аман», - ҳәа иҳәоит Владимир Аршба.

Аштаб Ахадас Сосналиев дҟаҵан 1992 шықәса, жьҭаарамзазы, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анаԥырҵа ашьҭахьҵәҟьа. Иара уи аамҭазы атәылахьчара аминистр Владимир Аршба ихаҭыҧуаҩсгьы дыҟан. 1993 шықәса, мшаԥымзазы Аршба иоуз ахәреи аконтузиеи ирыхҟьаны ахәышәтәрахьы дрышьҭыр акәхеит, Султан Асламбек-иԥа аминистр инапынҵақәа наигӡо далгеит. Аршба арныҟәагақәа кны афронт ахь дхынҳәны Акомандаҟаҵаҩ хада иахь аԥхьатәаразы арапорт иҩаанӡа ус дагьыҟан.

«Убас акәын иахьабалак дшыҟаз, - ҳәа ари ахҭыс игәалаиршәоит Владимир Аршба. - Иҟалалакгьы, дзықәшәалакгьы Султан иуаҩра дацәхьаҵуамызт, аҵыхәтәанынӡа ашәареи ахашшареи ззымдыруаз рыцарны даанхон".

Сосналиев, атәылахьчаратә хылаԥшырҭа дахагылеит, Аԥсны иуадаҩыз аамҭа ианҭагылаз: марттәи аоперациа қәҿиарадахеит, аԥсуаа ироуит ацәыӡ дуқәа. Афронт аҟны оума, уи ашьҭахь иҟаз роума, зегьы ргәы каҳаны иҟан. Урҭ ахҭысқәа хаҭала ирылахәыз, уи аамҭазы атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз Гәырам Допуа игәалашәоит, Султан Сосналиев «иуҳәар ҟалоит, маанала, Сергеи Платон-иԥа Дбар Гәымсҭатәи афронт аҟнытә Ихадоу аштаб ашҟа дааигоит ҳәа». Рыҩџьагьы Аҟәа ахақәиҭратәразы ԥхынгәытәи ажәыларатә операциа аус адулара иалагоит. Убас, астратег Султан Сосналиеви, атактик Сергеи Дбари рыхқәа еиԥшьны Аԥсны ахсаала ахьықәыз астол иахагылан.

Допуа урҭ амшқәа абас еиԥш игәалашәоит: «Аштаб хада ауада иадҟаҵаланы иҟан уада хәыҷык, уаҟа игылан астоли, адивани. Убри астол дахатәаны ауп, Сергеи Платон-иԥа ԥхынгәытәи ажәыларатә операциа аус шадиулоз. Султан ариашарақәа аналеигала ашьҭахь, ахсаалақәа зегьы ырхынҳәны, акарандашьқәеи, ахсаала аус адуларазы иҷыдоу ахархәагақәеи еилфаҷа инықәҵаны, Дбар афронт ахь дхынҳәит».

Ԥхынгәытәи аоперациагьы қәҿиарадахеит, аха уи аихшьалақәа, иҿыцу ажәыларатә операциа ашьақәыргылараҿы шьаҭас иҟалеит.

Допуа игәаанагарала, ԥхынгәытәи аоперациа абзоуралоуп аӡиас Гәымсҭа армарахьтәи аҟәараҟны иҿыцу ажәылартә плацдарм ашьақәырӷәӷәара залшахаз. Ар анапхгареи, аимадареи зыҩаӡара ҳараку алыҵшәақәа рҟынӡа инеит. Уи адагьы, ԥхынгәымза ашьҭахь оуп, Султан Сосналиев ианыиӡба Ихадоу Аштаб ақалақь аҟнытә, уи акәша-мыкшәахь аиагара – уи, аштаб ахь анашьҭра асистема аԥкразы иҟаҵан.

Иааирала еилгаз цәыббра

Цәыббра 16 аҽны, аҩ-фронтк рҿы (Гәымсҭатәи, Мрагыларатәи) иалагеит зегь реиҳа ихадаз аԥсуа ар ржәылара. Ари аоперациа иԥкааны аус адырулеит Сосналиеви, Дбари, иара убасгьы иреиҳаӡоу ар анапхгареи. Акомандаҟаҵаҩцәа ржәыларатә усқәа еишьашәалан, ԥыхьатәи агхақәа арбан, аԥшыхәаратә дырранҵақәа ҭҵаан.

Аинрал Сосналиев, командаҟаҵаҩыс дызмаз ар, 1993 шықәса, цәыббра 27 рзы, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа аӷа иҟнытә ахы иақәиҭыртәуеит. Ҩымш рышьҭахь, Гәымсҭатәи Мрагыларатәи афронтқәа еиқәшәоит, урҭ рымчқәа ааилаԥсаны, аӡиас Егры (официалла Аԥсныи Қарҭтәылеи аҳәаа ахьрыбжьоу - аред.) ашҟа рхы рханы идәықәлоит. Султан Асламбек-иԥа, хаҭала аӡиас Егры аԥшаҳәаҟны даннеи, ԥаҭлыкак аазна аӡы рҭәны Владислав Григори-иԥа Арӡынба изигоит аиааира асимволҵас – уажәшьҭазы, Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны, Ԥсоу инаркны Егрынӡа, аӷа дықәцоуп ҳәа. Султан Сосналиев уи илиршеит, џьабаала иаԥиҵаз аԥсуа ар дрылагыланы.

Аибашьра ашьҭахь, Султан Сосналиев даҽа аамҭак атәылахьчара аминистрс дыҟан. Қәҽиарала имҩаԥигеит, ашьхаҳаракыратә қыҭа Лаҭа аҟны инханы иҟаз ақырҭуа ар ахәҭакқәа рықәцаразы аоперациа. ​

1996 шықәсазы, Султан Сосналиев ар нижьуеит, ԥхьатәара ҳәа акыраамҭа дцоит, изгәакьоу Нальчикҟа дхынҳәуеит. 2005 шықәсазы, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Султан Асламбек-иԥа иахь аҳәара ҟаиҵоит, атәылахьчара аминистрра еиҭа дахагыларц. Сосналиев уи дақәшаҳаҭхоит, дагьыҟазаауеит министрс 2007 шықәсанӡа, анаҩс – Ҟабардаҟа дхынҳәуеит.

Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Аҳәынҭқарра арбџьармчқәа ринрал-леитенант, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» актәи аҩаӡара акавалер, Аԥсныи Ҟабардеи рҵеи хьӡырҳәага иԥсҭазаара далҵит 2008 шықәсазы, абҵарамзазы. Аҟәа агәҭаны, аԥсадгьыл ахьчацәа анышә иахьамадоу Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, дызцеибашьуаз иҩыза – аинрал Сергеи Дбар ибаҟа ахьгылоу, игылоуп Султан Сосналиев ибиустгьы.

​Хархәара змаз алитература:

·​ ​ «Честь дороже жизни». Астатиақәеи, адокументқәеи, агәалашәарақәеи реизга. Аиқәыршәаҩы: Лиубов Сосналиева, Геннади Аламиа

·​ ​ ​ Аԥсуа биографиатә жәар.