Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора активистцәа рыбзоурала аԥсуа хылҵшьҭра змоу 300 ҭаацәара Аԥсуафед акультуратә центрқәа ирылаҵоуп.

Саид Барганџьиа

Ҭырқәтәыла ирыԥшааит 300-ҩык инареиҳаны аԥсуа хылҵшьҭра змоу аҭаацәарақәа ахьынхо ҩ-қыҭак – Хыхьтәии Ҵаҟатәии Иҳсание – Чанџьума ақалақь иацәыхарамкәа (иофициалтәым ахьӡ - Салтыково – аред.), аҩадатәи апровинциа Зонгулдак ахь иаҵанакуа. Дара ирдыруеит аԥсуа хылҵшьҭра шрымоу, аха иахьа уажәраанӡа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи, рҭоурыхтә ԥсадгьыли шамахамзар рыҽрымардомызт. Убри атәы АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

Иара иазгәеиҭеит, ақыҭақәа ацентр иахьацәыхароу аҟынтә иахьа уажәраанӡа рыӡбахә еилкааны ишрымамыз, аха ааигәа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәеи иареи ҭырқәтәылатәи ақалақь Синоп ианаҭааз уи аҭагылазаашьа риашан, ақыҭауааи дареи аимадара рыбжьаҵан.

«Амҩа ҳшықәыз ҳаблак ахь ҳамҩахыҵит, уаҟа иаҳзыԥшын 12-15-ҩык аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа. Дара роуп иагьаҳзеиҭазҳәа ишыҟоу Хыхьтәии Ҵаҟатәии Иҳсание ҳәа ақыҭақәа», – еиҭеиҳәеит Ҳаразиа.

Арҭ ақыҭақәа рҟны инхо ауааԥсыра ирдыруеит аԥсуа хылҵшьҭра шрымоу, иара убасгьы, рабдуцәа мчыла рыԥсадгьыл ишахгаз атәы. Иахьа уажәраанӡагьы ақыҭақәа рҿы ирхадмыршҭыцт аԥсуа чыс: абысҭа руеит, аҟәыд рчаԥоит, ачаԥақәа ҟарҵоит.

«Амала, аԥсуа бызшәа аӡәгьы издыруам, дара зынӡа иаҟәыгоуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа дунеи. Иаҳбаз, ҳәарада, ҳазегьы ҳаршанхеит. 25 шықәса инареиҳаны ари ахырхарҭала аус зухьоугьы (Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора аилазаара – аред.) уажәоуп инырдыр арҭ ақыҭақәа рҿы ҳмилаҭ иатәу ауааԥсыра шынхо. Зегь реиҳа угәы узырхьуа, ақыҭауаа шьоукы-шьоукы иахьа уажәраанӡа рхатәы бызшәа зныкгьы иахьырмаҳацыз ауп. Дара рхаҭа аӡәгьы дрыздыруам, адиаспорагьы (Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора – аред.) рыҽрымардаӡом», – инацҵаны иазгәеиҭеит Ҳаразиа.

Иара игәаанагарала, ари аҩыза аҭагылазаашьа зхылҿиааз атәы аҳәара уадаҩуп. «Ааигәара иҟоуп ауаа рацәа ахьынхо ақыҭақәеи ақалақь дуқәеи. Барҭын – абаӷәазатә қалақь дууп. Уи ақалақь аҟнытәи Аԥсныҟа аӷбақәа цоит. Зонгулдақ – ақалақь (апровинциа Зонгулдақ административтә центр – аред.) аҟны ибзианы иҿиоуп арацәатә ааглыхра. Карабиук – ари ақалақь аҟны аус ауеит Ҭырқәтәыла зегьы иреиҳау аметаллургиатә комбинат

. Иара убасгьы ақалақьқәа Девреқ, Чанџьума, Караельмас – арацәа ахьыҵырхуа ааглыхратә қалақьқәоуп. Иҟалаз сыздыруам, избан дара (иԥшааз аԥсуа қыҭақәа рыҟны инхо ауааԥсыра – аред.) арысҟаамҭа иӡны изыҟаз. Иҟалап, урҭ реиҳабыратә абиԥара, ранацәеи рабацәеи рматериалтә ҭагылазаашьеи рыԥсҭазаара уадаҩи ирыхҟьазаргьы», – иҳәеит игәаанагара Ҳаразиа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит, хара имгакәа Караельмас (Зонгулдақ апровинциа иахәҭаку анхарҭа ҭыԥ - аред.) ишаатуа аԥсуа культуратә центр ҿыц, абарҭ ақыҭақәа рҟны инхо ауааԥсыра еидызкылаша.

«Иҳаӡбеит ҳаиқәшәарц, ауааԥсыра рсиа ҟаҳҵарц азы, аконтактқәа еидаҳкыларц азы, иара убасгьы аԥхьаҟатәи ҳаимадара азы аусура ахырхарҭа алхразы, ҳусура аплан ашьақәыргылара ҳазхәыцит. Уаргәырӷьоит ақыҭауаа активла ҳаиқәшәара рхы ахьаладырхәыз, насгьы иаадырԥшит агәазыҳәара ҳҭаацәара (Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора – аред.) алаларазы», – иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, арҭ аҩ-қыҭак ауааԥсыра ганрацәала аус рыцура аҽшазнакхьоу Аԥсны Аҳәынҭқрра арепатриациазы аминистрра. Хара имгакәа адиаспора ахаҭарнакцәа ақыҭақәа Хыхьтәии Ҵаҟатәии Иҳсание усуратә ныҟәарала ирҭаауеит.