Лаҵарамза 20 рзы 120 шықәса ҵуеит иналукааша аԥсуа рккаҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Константин Шьаҟрыл диижьҭеи.

Саид Барганџьиа

Аԥсны аҭоурых – амилаҭ рхеиқәырхаразы имеихсыӷьӡо қәԥароуп. Уи ақәԥараҿы есымша аиааира ҳацуп, уи азы иаҳшәо ахәгьы ҳаракӡоуп.

Ианакәызаалакгьы аиааира иасимволны иҟоуп иналукааша ажәлар ахаҭарнакцәа. Ҳәарада, урҭ дырхыԥхьаӡалоуп Константин Шьаҟрыл. Иара убасгьы уи иашьеиҳабы Платон Шьаҟрыли иашьа иԥҳа Ҭамара Шьаҟрылԥҳаи рыԥсадгьыл иадырҵаз аџьабаа ахәшьара узаҭом. Дара рҟынтә иахьазы аӡәгьы иԥсы ҭаӡам, аха рышьҭахь инрыжьыз акультуратә ҭынха ду наунагӡа иҳацзаауеит.

Зыӡбахә ҳамоу аҭаацәара рус иахьазы иацырҵоит Константин Шьаҟрыл имоҭацәа ҩыџьа – Галиеи Есмеи Калимоваа. Урҭ нхоит ҩ-қалақьк рыбжьара – зны-зынла Аҟәа, зны-зынла Москва. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аинформациатә фронт аусзуҩцәас иҟалоит – москватәи апресс-центр аҟны аус руанаҵы, адунеи зегьы ирыларҳәон Аԥсны иҟоу шыҟаҵәҟьоу атәы.

Аҵаҩы, арҵаҩы, аҵарауаҩ

Константин Шьаҟрыл диит 1899 шықәса, лаҵарамза 20 рзы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. 1909 шықәсазы дҭалоит Џьырхәатәи ашкол, уи аамҭазы уаҟа рҵаҩыс аус иуан иашьеиҳабы Платон Шьаҟрыл – еицырдыруа арккаҩы.

Галиа Калимова лажәақәа рыла, лабду иан ӷәӷәала дычмазаҩын, анхара-анҵыраҿы ацхыраара лҭахын. Убри иахҟьаны, Константин 12 шықәса ихыҵаанӡа ашкол дзымҭалеит. Убас ихәыҷра шықәсқәа иара изы аԥсҭазаара ԥышәараны изыҟалеит.

«Сабду еснагь анхара-анҵыра дашьҭан. Аҩны аусқәа зегьы ицааиуан, афатәгьы хааны иҟаиҵон. Аӡахәаҭра лымкаала дахылаԥшуан, иҟаиҵон аҩы бзиаӡа. Уи зегьы илазҵазгьы, ихәыҷра инаркны иан дахьлыцхраауаз ауп», – лҳәоит Галиа.

Ашкол ашьҭахь Константин дҭалоит Лыхнытәи ҩ-классктәи аҵараиурҭа, уи дагьалгоит 1917 шықәсазы. Анаҩс, иара уи ашықәс азы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа. 1921 шықәсазы Константин Шьаҟрыл Лыхнытәи ашкол аҿы рҵаҩыс аусура далагоит, 1924 шықәса инаркны – Абӷархықәтәи ашкол аҟны (Гәдоуҭа араион иатәу ақыҭа – аред.).

Арҭ аҩ-школк рҿы аус иуанаҵы, илшо зегь ҟаиҵон ахәыҷқәа рхатәы бызшәеи алитературеи рҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Имариамызт арҵага шәҟәқәа рыда ахәыҷқәа адырра рыҭара. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы, ахәыҷқәа рхатә литература ашҟа абзиабара рызцәырҵырц азы аҵаратә процесс аҟны ихы иаирхәон раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылоз астатиақәа, ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа.

Константин Шьаҟрыл есымша идыррақәа реизырҳара дашьҭан. 1932 шықәсазы дҭалоит иреиҳаӡоу аҵараиурҭа – Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҭоурыхтә-филологиатә факультет студентс дҟалоит. Уаҟа қәҿиарала иҵара хиркәшоит 1936 шықәсазы. Анаҩс Шьаҟрыл даарыԥхьоит Марр ихьӡ зхыз Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рыҭҵаарадырратә институт (иахьа – Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт – аред.) ахь аҭҵаарадырратә усзуҩс. Иаарласны, уи ашықәс азы диаргоит абызшәа аҟәша аиҳабыс.

Аинститут аҟны аус иуанаҵы, аҵарауаҩ қәыԥш ҩ-институтк рыҟны алекциақәа дрыԥхьон: Аҟәатәи апедагогикатә институти, Арҵаҩцәа рдыррақәа реизырҳаразы Аҟәатәи аинститути рҟны. 1947 шықәсазы Москватәи Марр ихьӡ зху Абызшәеи ахәыцреи ринститут аҟны Константин Шьаҟрыл қәҿиара ихьчоит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рахь иаҵанкуа акандидадтә диссертациа. 1970 шықәсазы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиахь иаҵанакуа Мрагылараҭҵааратә институт аҟны ихьчоит адоктортә диссератациа, иагьихҵахоит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ.

Аха Шьаҟрыл иҭҵаарадырратәи ирҵаҩратәи аусура аамҭала иаанкылан Бериа ихаантәи аамҭа еиқәаҵәақәа раан (1930 шықәсқәа рзы аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа харада ахара рыдҵаны иахыргон, иршьқәазгьы ыҟан – аред.).

Агәымшәаратә шәҟәы, уи алҵшәақәа

Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны, аҵаратә процесс инақәыршәаны, ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит, 1947 шықәса, жәабран мзазы аԥсуа ҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариеи, Константин Шьаҟрыли, Баграт Шьынқәбеи Асовет Еидгыла Акомпартиа Ихадоу Акомитет ашҟа ирыҩыз ашәҟәы аҭоруых.

Иналукааша аҵарауаа акы иацәымшәакәа Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу аахтны ирҳәеит, Қырҭтәыла ацәгьоурақәа, аԥсуа жәлар рхьаа зегьы ашәҟәахьы ииаганы атәыла аиҳабыра ирзырышьҭит. Ҳәара аҭахума, уи ашәҟәы ахҟьаԥҟьақәа иаарласны авторцәа ирнырит: рыхҩыкгьы апартбилеҭқәа рымхын.

Ус шакәугьы, аҭоурых ашәҟәқәа рҿы зегьы аным, иаҳҳәап, усҟантәи аамҭа еиқәаҵәақәа рзы Константин Шьаҟрыл еиԥш иҟаз ауаа баша рацәажәараҵәҟьа зегьы ирзыгәаӷьуамызт, ауаа шәон.

Уи аамҭазы Шьаҟрылаа рҭаацәара ирнырхьан ахыгара иацу арыцҳарақәа. 1937 шықәсазы дахыган Константин иашьа гәакьа Дмитри Шьаҟрыл. Дмитри иҩныҟа иҩуан ашәҟәқәа, дзыхдырҟьаз еилыркаарц азы. Иара уаҳа иԥсадгьыл ахь дзыхнымҳәит, хабарда дыбжьаӡит.

Галина Калимова лажәақәа рыла, Шьаҟрыл инапы зҵаиҩыз ашәҟәы ашьҭахь, рҭаацәара иаагәаны издыруаз ауаа рыцәхьаҵит, избан акәзар урҭ рзы ас еиԥш аиҩызара шәарҭан. Хара имгакәа, икыдцаланы ирымаз Константингьы иԥсадгьыл дахыган.

«Ԥхынран. Сабду уарашк аасхәап ҳәа адәқьан ахь дцеит. Аӡәы дашишьклаԥшуаз ибеит. Ҩба-хԥа дәқьан дрыҩналеит, ашьҭазаҩ ишьҭа дышхыц дхын. Анцәа иџьшьаны, аҩныҟа дхынҳәит. Усҟан иара еиликааит иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу. Иӡбоит Москваҟа ацара», – ҳәа еиҭалҳәоит Шьаҟрыл имоҭа.

Апартиа азин ҟанамҵакәа џьара ацаразы алшара ыҟамызт, уи иахҟьаны Шьаҟрыл аамҭаказы иқалақь гәакьаҿы шасыс дынханы дыҟан. Иԥсҭазаара ашәарҭадара иазку аинформациа знапаҿы иҟалаз иҩызцәа раԥшьгарала Шьаҟрыл маӡала Аԥснынтәи дцоит. Уи аамҭазы ҩышықәса ҵхьан, ахҩык рысалам шәҟәы анышьҭыз инаркны.

Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут иатәу, ииасуа Абираҟ ҟаԥшь Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анашьара, 1985 шықәса, жьҭаара 18. Арымарахьтә арыӷьарахь: Қырҭтәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахаҭарнак, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Шоҭа Салаҟаиа
Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут иатәу, ииасуа Абираҟ ҟаԥшь Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анашьара, 1985 шықәса, жьҭаара 18. Арымарахьтә арыӷьарахь: Қырҭтәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахаҭарнак, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Шоҭа Салаҟаиа
© Шьаҟрылаа рҭаацәаратә архив
Арымарахьтә арыӷьарахь: Константин Шьаҟрыл, Гьаргь Ӡиӡариа, америкатәи алингвист Уилиам Камерон Таунсенд, Шьалуа Инал-иԥа, 1970-тәи ашықәсқәа
Арымарахьтә арыӷьарахь: Константин Шьаҟрыл, Гьаргь Ӡиӡариа, америкатәи алингвист Уилиам Камерон Таунсенд, Шьалуа Инал-иԥа, 1970-тәи ашықәсқәа
© Шьаҟрылаа рҭаацәаратә архив
Аԥсуаҭҵааратә институт, арымарахьала арыӷьарахь итәоуп: Сергеи Зыхәба, Лили Шамба-Акаба, идырым, Арвелод Кәыпраа, Гьаргь Ӡиӡариа (агәҭаны), Константин Шьаҟрыл, Ақыбеи Хәанелиа, Лео Шервашиӡе, идырым: арымарахьала арыӷьарахь игылоуп – Шоҭа Салаҟаиа, Алексеи Миха-иԥа Миквабиа, идырым, Баџьгәыр Саӷариа, Роман Ҷанба, Елена Марганиаԥҳа, идырым. Лиудмила Хрушкова (археолог), Владимир Дарсалиа, Лидиа Ҷкадуа, Владимир Ҵнариа, Валентина Кәанџьариа, Хәыхәыт Бӷажәба, идырым, Гьаргь Шамба. Аҟәа, 1974 шықәса
Аԥсуаҭҵааратә институт, арымарахьала арыӷьарахь итәоуп: Сергеи Зыхәба, Лили Шамба-Акаба, идырым, Арвелод Кәыпраа, Гьаргь Ӡиӡариа (агәҭаны), Константин Шьаҟрыл, Ақыбеи Хәанелиа, Лео Шервашиӡе, идырым: арымарахьала арыӷьарахь игылоуп – Шоҭа Салаҟаиа, Алексеи Миха-иԥа Миквабиа, идырым, Баџьгәыр Саӷариа, Роман Ҷанба, Елена Марганиаԥҳа, идырым. Лиудмила Хрушкова (археолог), Владимир Дарсалиа, Лидиа Ҷкадуа, Владимир Ҵнариа, Валентина Кәанџьариа, Хәыхәыт Бӷажәба, идырым, Гьаргь Шамба. Аҟәа, 1974 шықәса
© Шьаҟрылаа рҭаацәаратә архив

1949 шықәса инаркны, Шьаҟрыл Апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиахь иаҵанакуа Москватәи амилаҭқәа рышкол аинститут аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс аусура далагоит. 1951 шықәсазы дышьҭын Черқьессктәи аҭҵаарадырратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩс, аамҭак шьҭахь уи аинститут директорс дҟалоит.

Фышықәса рышьҭахь, 1955 шықәсазы Қырҭтәыла Акомпартиа Аԥсуа обкоми, Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реилазаареи иҟарҵаз аҳәарала Шьаҟрыл диаган Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут ашҟа (иахьазы – Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт – аред.), абызшәа аҟәша еиҳабыс – уи аҭыԥ аҟны аус иуан 1976 шықәсанӡа. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа изгәакьаз абри аинститут аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы ҳәа дыҟан.

Аҭҵаарадырреи, апедагогикеи, ауаажәларратә усуреи рҿы илшамҭақәа

Иахьазы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Арда Ашәбеи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Леонид Саманбеи иҭырҵаауеит Константин Шьаҟрыл иусумҭақәа, еиқәдыршәоит иара ибиографиа.

Леонид Саманба ихәыҷра аахыс Константин дидыруан. Еигәылацәан.

«Аишьцәа Платони Константини Шьаҟрылаа рыбзоуралоуп сзанааҭгьы залсхыз. Исҳәар сылшоит, Константин Семион-иԥа амҩа иаша сықәызҵоз, абжьагаҩыс дысзыҟан ҳәа. Иара акыр дсеиҳабын. Акырынтә рыҩны снеихьан, реицәажәарақәа саҳауан. Иссирыз ҭаацәаран! Ауада ахәыҷқәа аныҩналозгьы, иахьтәақәаз иҩагылон, рхымҩаԥгашьала ахымҩаԥгашьа ҳдырҵон», – ҳәа игәалашәоит Саманба.

Арда Ашәбеи Леонид Саманбеи Шьаҟрыл изку русумҭаҿы лымкаала иазнеиуеит аҵарауаҩ ирккаратә усура.

«1938 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны ҵарауаҩ қәыԥшк иаҳасабала аус иуанаҵы Константин Шьаҟрыл еиқәиршәоит V-VI аклассқәа рзы афонетикеи аморфологиеи раԥхьатәи рырҵага шәҟәы. Арҵага шәҟәы шьаҭас иаиуит Шьаҟрыл иметодикатә знеишьақәеи иконспектқәеи. Аусумҭа арецензиа азыиҩит, ахәшьара ҳаракгьы аиҭеит Симон Николаи-иԥа Џьанашьиа. Раԥхьаӡа акәны арҵага шәҟәы ҭыҵуеит 1939 шықәсазы, уи ашьҭахь акырынтә еиҭаҭрыжьхьеит. Ҳазҭоу ашықәс Константин Шьаҟрыл изы ииубилеитәуп, убасгьы, иара ирҵага шәҟәы азгьы ииубилеитәуп – «Аԥсуа бызшәа аграмматика – афонетикеи аморфологиеи» 60 шықәса ахыҵуеит», – ҳәа рыҩуеит Леонид Саманбеи Арда Ашәбеи.

Константин Шьаҟрыл – 100 инареиҳаны, афонетикеи, аморфологиеи, асинатксиси, алексикологиеи, адиалектологиеи, аорфографиеи, аетимологиеи азҵаарақәа ирызку аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп.

«Аурыс-аԥсуа жәар» авторцәа дыруаӡәкуп, ҩ-томкны иҭыжьу «Аурыс-аԥсуа жәар» редакторси, уи автортә коллегиа рнапхгаҩыси дыҟан. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа активла аҭҵаарадырратә усура инапы алакын. Уи дыршаҳаҭуеит – 1992 шықәсазы аҭыжьра иазирхиаз аусумҭақәа: «Аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект ажәар», «Аԥсуа бызшәа аорфографиатә ажәар», «Аԥсуа-аурыс бызшәа ажәар», – еиҭеиҳәоит Арда Ашәба.

Аҭҵаарадырреи, апедагогикеи, ауаажәларратә усуреи рҿы илшамҭақәа рзы Шьаҟрыл ианашьан «Аҳаҭыртә дырга», еиуеиԥшым аҳамҭақәеи, аҳаҭыршәҟәқәеи. 1961 шықәса, хәажәкырамзазы ианашьан Аԥснытәи АССР аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы, 1977 шықәсазы – Қырҭтәылатәи Асовет Социалисттә Республика аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ. Шьаҟрыл еиқәиршәаз ҩ-томкны иҭыжьыз «Аԥсуа бызшәа аилыркаагатә жәар» азы ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа. Иара убасгьы, Константин Шьаҟрыл изкны 1998 шықәсазы иҭрыжьит Аԥсны Аҳәынҭқарратә апошьҭатә марка.

Аҭоурых иузаҟәымҭхо аԥсҭазаара

Константин Шьаҟрыл аҩнытәи иԥсҭазаара зышьақәгылаз атәы – ауаа рахь ицәыримгоз игәҭыхақәа, шьыжьыла шәақәас ииҳәоз, дзыргәамҵуаз, игәалаҟазаара шьҭызхуаз, еиҷаҳаны ргәалашәараҿы еиқәырханы ирымоуп имоҭацәа – Галиеи, Есмеи Калимоваа.

Константин иԥсҭазаараҿы иҟалахьан ҩ-трагедиа дук. 27 шықәса анихыҵуаз иԥшәмаԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵуеит. Уаҳа иара аҭаацәара дмалалаӡеит. Изынхеит ҩыџьа ахәыҷқәа: иԥҳа Александра, шықәсык зхыҵуаз аҷкәын Борис. Константин ицәыуадаҩын аусурагьы, ахәыҷқәа рбарагьы, аҩны аусқәа рыҟаҵарагьы. Уи иахҟьаны нхара ҳәа диасуеит иашьеиҳабы Платон иахь. 11 шықәса рышьҭахь, Константин даҽа ааха ӷәӷәа изыԥшын: иҷкәын Борис даара иӷәӷәаны дычмазаҩхоит. Аҳақьымцәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит, аха 12 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы дырцәыԥсуеит.

«Сабду иԥсы ахьынӡаҭаз ицыз, ухаҿы иузаамгоз трагедиан», – еиҭалҳәоит аҵарауаҩ имоҭа Галиа.

Ахьаа ӷәӷәа шимазгьы, Константин Аԥсны иахәаша ҟасҵандаз ҳәа иусура иациҵеит. Есмеи Галиеи иргәалашәоит, ԥхынрала лыхнытәи рыҩнду аҿы, рабду иҟны ишырхыргоз.

«Ҳазегьы ҭаацәакны ҳаицынхон. Илеишәа цәгьан. Ацәара аамҭа анааилак, иуадахь ҳизнеиуан, алакәқәа ҳзеиҭеиҳәон», – илгәалашәоит Галиа.

Шьаҟрыл имоҭацәа иргәалашәоит аурокқәа рыҟаҵараҿы рабду дышрыцхраауаз, насгьы рааӡара есымша азҿлымҳара шаиҭоз.

«Ианакәызаалак ҳаҩны асасцәа рыла иҭәын. Исгәалашәоит ҽнак зны сабду сицны Дырмит Гәлиа иҩны ҳаҭаахьан. Усҟан зынӡа сыхәҷын. Иаҳзаауан еицырдыруа ауаа дуқәа, сабдуи дареи акабинеҭ аҿы еидтәаланы усқәак ирылацәажәон», – илгәалашәоит Галиа.

Лара агәра ганы дыҟоуп, лабду инырралоуп ҳәа лдунеихәаԥшышьеи, иара убасгьы лыԥсадгьыли, лбызшәеи рахь илымоу абзиабара шышьақәгылаз. Иара ихаҭа иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл иазикит.

1992 шықәса, ажьырныҳәамза 15 рзы, ашьыжь Константин Шьаҟрыл иԥстазаара далҵуеит. Ихыҵуан 93 шықәса. Аԥсны дацәыӡит иналукааша аԥацәа руаӡәк. Константин Шьаҟрыл анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Лыхны.

Убас ала, Лыхнытәи арҵаҩы иԥсҭазаара – аԥсуа жәлар рхақәиҭреи, рбызшәеи, ркультуреи азы рықәԥара еилккаа изнубаало, Аԥсны аҭоурых иузаҟәымҭхо иахәҭакны иҟалеит. Аҵарауаҩ ду иаҳзынижьит игәалашәарақәа, иҭыҵит урҭ знылаз ашәҟәы. Аха, уи иахьагьы ашәҟәҭирҭақәа рҿы иуԥылом, Константин Шьаҟрыл иуацәеи иҭынхацәеи рхаҭалатәи аколлекциақәа рҿы цыра-цырала иҵәахуп.