Аԥсуа бызшәа аҵаразы иҟоу алшарақәа ирызку астатиақәа рцикл иацҵо, АААК аинфопортал иазнархиеит Босфортәи ауниверситети Ҭырқәтәыла иҟоу амилаҭтә центрқәеи рҟны аԥсуа бызшәа шыддырҵо азы астатиа.
Саид Барганџьиа
Ҭырқәтәыла зегьы еицырдыруа Босфортәи ауниверситет аҟны аԥсуа бызшәа егьырҭ амаҭәарқәа ируакны иҟоуп. Абар шьҭа аашықәса ҵуеит, аҵараиурҭаҟны аԥсуа бызшәа акурсқәа мҩаԥылгоижьҭеи Аԥснынтәи иааз аҭыԥҳа Гәында Анқәабԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, иазыҟалҵо агәыԥ аҟны аҵара рҵоит 17-ҩык ауааԥсыра. Хәыда-ԥсада имҩаԥысуа алекциақәа рахь иныҟәалар рылшоит згәы иаҭаху зегьы – аҵара ахьырҵо акурси афакультети зеиԥшразаалак. Ауниверситет аҟны аҵара рҵоит адунеи зегьы аҟнытә астудентцәа, урҭ рахьтә аӡәырҩы аԥсуа бызшәахьы азҿлымҳара аадырԥшуеит. Аашықәса рыҩнуҵҟала Ҭырқәтәылатәи астудентцәа рыдагьы Анқәабԥҳа аԥсуа бызшәа длырҵон Америка, Италиа, Германиа, Иапониа рҟнытә астудентцәа.
«Ҳәарада, астудентцәа ирылоуп аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәагьы, аха хыԥхьаӡарала урҭ еиҳагьы ирацәандаз уҳәаратәы иҟоуп», – ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.
2015 шықәсазы арҵаҩы еиқәлыршәеит аԥсуа бызшәа аҵаразы арҵагашәҟәы, уи ҭнажьит Босфортәи акьыԥхьтә ҩны. Ари арҵагашәҟәы ианылаз аметодикоуп арҵаҩы лкурсқәа рҿы лхы иалырхәогьы. Анқәабԥҳа лажәақәа рыла, лара ари аметодика еиқәлыршәеит апрофессор Сумру Осзои инапхгарала.
«Абызшәа аҵара ҳалагоит ихадоу адыррақәа рыла. Аԥшьбатәи ашықәсабжа анҵәамҭазы, астудентцәа имариоу (базовыи) абызшәала ацәажәара рылшоит. Сара сыстудентцәа абызшәа адырҵара адагьы, ирзеиҭасҳәоит сыԥсадгьыл [Аԥсны] аҭоурых: актәи ашықәсабжа анҵәамҭазы сыԥсадгьыл ахь аинтереси, уи ааҭаразы агәазыҳәареи рызцәырҵуеит. Сара сыстудентцәа ирдыруеит, аԥсуа бызшәаҿы ажәа «абзиабара» ишиашоу еиҭоугозар «дарбанзаалак аӡәы ибзианы ибара, дшыҟоу еиԥш идкылара, ҳәа шаанаго». Ирдыруеит ижәытәӡатәиу ҳбызшәа агәаҟынтә ишаауа: агәыӷра, агәамҵра, агәаԥхара, агәазыҳәара; аԥсабара абызшәа ишақәҿнаҭуа», – лҳәоит Гәында Анқәабԥҳа.
Иуҳәар ҟалоит, Гәында алекциақәа хатәгәаԥхарала имҩаԥылгоит ҳәа. Урҭ ирзоужьу ахарџь зынӡа имаҷуп. Лажәақәа рыла, «иахәҭоу афинанстә цхыраара ыҟам».
Босфортәи ауниверситет астудентцәа аԥсуа бызшәа аҵаразы доусы рхатәы мзызқәа рымоуп. Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ирҵоит ирхатәы бызшәоуп аҟнытә: уи дара ирызцәырнагоит Аԥсны инхо рыуацәеи рҩызцәеи рыҽрымадара арманшәаларазы алшарақәа. Убас, аԥсуа ҷкәын Баҭуҳан Аҩӡба, аҭоурыхтә факультет астудент, аԥсуа бызшәа иҵоит уи ихатәы бызшәа ахьакәу азы.
«Даараӡа сазҿлымҳауп аԥсуа бызшәа аҵара. Ҳәарада, иуадаҩуп, аха излаҳдырҵо аметодика бзиоуп, исгәаԥхоит. Раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа сҵоит сыуацәа аԥсышәала срацәажәаларазы», – иҳәеит Аҩӡба.
Егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа еиҳарак аԥсшәа рҵоит Аԥснахьы азҿлымҳара рымоуп азы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ҳаԥхьаҟа Аԥсны иаҭаап ҳәа ргәы иҭоуп. Насгьы, иҟоуп астудентцәа аԥсуа бызшәа – лассы-лассы иуԥымло абызшәақәа иахырхыԥхьаӡалоу азы уи аҵара зҽазызкызгьы. Иаҳҳәап, урҭ дыруаӡәкуп афилологиатә факультет 3-тәи акурс астудент, аҭырқәа ҷкәын Аныл Озер.
«Аԥсуа бызшәала иахьа ицәажәо маҷҩуп, насгьы иара аӡра ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа ируакуп. Убри азоуп, раԥхьаӡа иргыланы арҭ акурсқәа рахь аныҟәара сзалагаз. Анаҩс сгәы иҭоуп, Аԥсны санаҭаалак, сыҭҵаарадырратә усумҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа схы иасырхәаларц. Ҳәарада, абызшәа уадаҩуп, аха иуҭаххар иуҵоит», – иҳәоит Аныл.
Иара убасгьы 18 шықәса инареиҳаны Гәында Анқәабԥҳа ауниверситет анҭыҵгьы аԥсуа бызшәа арҵара аус лнапы алакуп.
«Агәыԥқәа еиҿкаахоит кавказтәи, аԥсуа культуратә центрқәа рҿы. Акурс мҩаԥызгоит Сҭамԥыли Коџьаели рыҟны. Агәыԥ аҿы аҵара зҵо рхыԥхьаӡара есымша еиԥшым: 7-ҩык индаркны 30-ҩык рҟынӡа. Акурсқәа рахь иныҟәо ахәыҷқәа рықәра атәы уҳәозар, уи фышықәса инаркны жәаха рыҟнынӡа зхыҵуа роуп. Ахәыҷқәа абызшәа зладсырҵогьы схатә методика алоуп. Урҭ зегьы хаҭа-хаҭалатәи азнеишьа рыҭатәуп. Акурсқәа рахь згәы иаҭаху зегьы мҩахыҵыр рылшоит, урҭ хәыда-ԥсадоуп», – лҳәеит Гәында Анқәабԥҳа.
Акурсқәа рахь иныҟәақәо руаӡәк, 64 шықәса зхыҵуа,Угәыр Осиа ус иҳәоит: «Ари сара схатәы бызшәоуп, сара сзы иара адырра ихадароу акоуп. Иуадаҩуп, еиҳаракгьы ашьҭыбжьқәа рҳәара, аха излаҳҵо аметодика даараӡа исгәаԥхоит».
Ахәыҷтәы гәыԥ аҟны абызшәа иҵоит – бжьышықәса зхыҵуа Алԥ Ашьхараа, уи агәра ганы дыҟоуп аԥсшәа агәынкылара даараӡа изымариоуп ҳәа.
«Аԥхынразы Аԥсныҟа ҳҵоит. Абызшәа уадаҩуп, аха ҳахәмаруа иаҳҵоит. Аихьӡарақәа змоу аҳамҭақәа иоуеит, уи азы абызшәагьы аҵара еиҳа ирласны исыцааиуеит», – иҳәеит Алԥ Ашьхараа.
Босфортәи ауниверсит аҟны мацароуп – Аԥсны анҭыҵ аԥсуа бызшәа егьырҭ амаҭәарқәа ирываргыланы аҵараиурҭа апрограммаҿы иахьаарԥшу. Ари ауниверситет аҟны аҵара зцо 12 000 астудентцәа рыҟнытә, згәы иаҭаху зегьы ирымоуп алшара хәыда-ԥсада аԥсуа бызшәа аҵара. Иара араҟоуп иахьиизгьы иҷыдоу арҵаратә методика – есышықәса еиҳа-еиҳа еиӷьхо, аԥсуа бызшәа ахьыддырҵо амилаҭтә центрқәа рҿы ахархәара змоу.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.