Амениу
26 Мшаԥы 2024
00:33
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    20 Ԥхынҷкәын 2022
20.12.2022 17:53
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Аҷандара ақыҭан иҟоу афельдшертә-ахәыҷышьҭыхратә пункт азы ахәшәқәа раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК ацхыраара ҟанаҵеит Аҷандаратәи афельдшертә-ахәыҷышьҭыхратә пункт азы ахәшәқәа раахәараҿы.

0
20.12.2022 13:53
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Аҷандара ашкол аҿы ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥнагеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷԥҳа далархәны Аҷандара ашколхәыҷқәа рзы ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥнагеит.
Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит абылраан, аԥсмаҷхараан, абаҩԥҵәареи, ашьацареи раан, иара убас ауаҩы акы ицҳазар, раԥхьатәи ацхыраара шыҟаҵатәу. Ашколхәыҷқәа ахәра аҿаҳәашьа ддырбеит, насгьы зыԥсы еивахаз ишицхраатәу, агәы амассаж шыҟаҵатәу. Атренинг ашьҭахь АААК ахаҭарнакцәа ашкол ҳамҭас иарҭеит ацхыраара лас аҟаҵаразы ихәарҭоу аԥҭекатә маҭәахәқәа, иара убас ауаҩы зыԥшра зымуа аҭагылазаашьа данақәшәалак аҳақьым иҿы днаӡаанӡа узлаихәаша зныԥшуа аилыркаага, асахьақәа ацны.

0
20.12.2022 13:11
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыԥ абокс азы атурнир аиҿкаара аҽаланархәит

Абокс азы амилаҭтә турнир мҩаԥысит Бзыԥҭа ԥхынҷкәын 17 рзы Аконгресс аусзуҩцәа рыцхыраарала. Атурнир Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аԥсуа-абаза мҳаџьырцәа ргәалашәара иазкын. 
Аицлабра иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә аспортсменцәа, зынӡа 70-ҩык. Имҩаԥысит аиндаҭларақәа 35. АААК Аҟәатәи аҟәша атурнир алахәцәа иранаршьашаз аҳамҭақәеи аҳаҭыршәҟәқәеи ахахьы иагеит. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Денис Оҭырба уи аҿы иҳаиҭаз ацхырааразы. 
Абокс азы амилаҭтә турнир сынтәа ԥшьынтәны имҩаԥысуеит. Уаанӡатәи атурнирқәа Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду алахәцәеи, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра алахәцәеи, Марттәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәеи ргәалашәара иазкын.

0