Амениу
18 Мшаԥы 2024
14:31
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    24 Ԥхынҷкәын 2022
24.12.2022 12:51
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Асаби гәыҳәԥыхшла иааӡара аҵакы иалацәажәеит АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны

Ахәыҷыҳақьым Илона Аҩӡԥҳаи ахәыҷышьҭыхҩы-агинеколог Викториа Воробиовеи еиҭарҳәеит асаби гәыҳәԥыхшла иааӡара аҵак ду шамоу Аконгресс иаԥнаҵаз Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәараҿы. Аиԥылара мҩаԥысит ООН (ИУНИСЕФ) Ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис ацхыраарала, уи аусзуҩцәа Нала Аргәынԥҳаи Мадина Сулааи алахәны.

0
24.12.2022 01:03
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Тамшьи Кәтоли ашколхәыҷқәа еизганы раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы атренинг мҩаԥнагеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷԥҳа Тамшьи Кәтоли ашколхәыҷқәа рзы ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥылгеит.

0
24.12.2022 00:46
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Аҟәа иҟоу Агәабзиарашьақәыргыларатә центр аҭааҩцәа Ашықәс ҿыц иазкны аҳамҭақәа рынаҭеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа ахаа-мыхаақәа рырҭеит  ареспубликатә агәабзиарашьақәыргыларатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа зылшара ԥку ахәыҷқәа. Аҳамҭақәа хықәкыла иаахәан анаплакҩы Абесалом Кәарҷиа ифинанстә цхыраарала.

0