Лента событий ВААК
15 Лаҵара 2023
15.05.2023 23:41
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
АААК Оҭҳара ақыҭан аетнографиатә лекциа еиҿнакааит.
Оҭҳаратәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥысит XVIII-XIX ашәышықәсақәа рзтәи Аԥсны аҭоурых зҵазкуа аетнографиатә лекциа, аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Ашколхәыҷқәа рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аҭоурыхи, аетнологиеи, археологиеи ркафедра арҵаҩы Џьамбул Инџьгьиа. Иара еиҭеиҳәеит Аԥсны ахьыԥшымра иазықәԥоз Қьалышьбеи Чачба иаҳра аамҭа атәы. Уи анаҩс амҳаџьырра ашықәс еиқәаҵәақәа рыӡбахәгьы дазааҭгылеит.
Алекциа ашьҭахь арҵаҩы ашколхәыҷқәа ҳамҭас ириҭеит иҩ-монографиак: "Аԥсықәрамҩа", "ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаарақәа".
0