Амениу
20 Мшаԥы 2024
12:11
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    25 Лаҵара 2023
25.05.2023 17:56
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Аацытәи ашколхәыҷқәа рныҟәара еиҿнакааит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҟәша Аацытәи ашколхәыҷқәа 40-ҩык рныҟәара еиҿнакааит апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны Отаԥ ақыҭан Абраскьыл иҳаԥы иаҭааит, Мықәтәи аныхабаа рбеит. 

Акультуратә хәҭа анахысгьы ахәыҷқәа алахҿыхратә программа рзыԥшын: еиуеиԥшым аицлабрақәа мҩаԥыргеит, аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рҟны еиндаҭлеит.

АААК апроект "Аимадара" хацыркын 2019 шықәсазы. Хықәкыс иамоуп ақыҭахәыҷқәа Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа дырбара. Иааиуа аныҟәара азԥхьагәаҭоуп рашәарамза 3 рзы. Усҟан иргараны иҟоуп Арасаӡыхьи Кәтоли рҟынтә ашколхәыҷқәа.

0
25.05.2023 14:26
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Џьырхәеи Бгардәаныи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи адиспансеризациа иахнажьит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭа ицаны аҭыԥантәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи адиспансеризациа иахнажьит. Агәаҭара рхы аладырхәит Бгардәанытәи абжьаратә школ аҵаҩцәагьы, зынӡа 70-ҩык инареиҳаны. Ари абыжьбатәи ныҟәароуп Аконгресс абри аганахьала еиҿнакаауа.

Ишаԥу еиԥш, адиспансеризациа ҩ-етапкны имҩаԥысит. Зназы ахәыҷқәа ршьа ргеит азеиԥш анализ аҟаҵареи, ашьақар иалоу ашәареи рзы. Анаҩс ироуз алҵшәақәа рыла аҳақьымцәа хаҭа-хаҭала ирыхәаԥшит. 

Агәаҭара мҩаԥыргон акардиолог Ирма Каҷараа, ахәдаҳақьым Риҵа Ҳалбад, аневролог Саида Кәанџьариа, аблаҳақьым Фатима Сангәылиа, ахәыҷы ҳақьымцәа Ангелина Оҭырԥҳаи Наталиа Роговеи, аендокринолог Ҳамида Џьыкырԥҳа, Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа ахаҭарнак Арзадин Агрба. Ахәыҷқәа ргәеисра асахьа ҭырхит. Агәаҭара ианахыс, иҵегь ргәабзиара иацклаԥшырц аҳақьым дызбаша ҳәа иалыркааз ақәкынҵа рырҭеит. 

Адиспансеризациа амҩаԥгара рхы аладырхәит Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа : Сариа Ҳашԥҳа, Алиса Џьанелиӡе, Диана Атулиан, Рузанна Тулумџьан, Анасатасиа Иаилиан, Дариа Пархоменко. Дара аҳақьымцәа ирыцхраауан ашәҟәқәа рхарҭәаара аганахьала.

0