Лента событий ВААК
АААК агәыҧ ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит «Атәылауаҩратә еилазаара: ааҧхьара ҿыцқәеи алшарақәеи» зыхьӡу апрограмма
АААК агәыҧ ахаҭарнакцәа Наур Хышбеи, Селма Базҧҳаи, Ефрем Ҳагбеи рхы аладырхәит Россотрудничество инанагӡо, «Атәылауаҩратә еилазаара: ааҧхьара ҿыцқәеи алшарақәеи» зыхьӡу апрограмма.
Алахәцәа аҭааит XIII-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Урыстәылеи уи анҭыҵи атәылауаҩратә еилазаара аинститутқәеи аҧышәеи». Наур Хышбеи Ефрем Ҳагбеи аконференциаҿы иқәгылеит Аҧсны аҳәынҭқарреи ауаажәларреи реимадарақәа ирызку ажәахәқәа рыманы.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегатцәа аҭааит Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә палата еиҿнакааз афорум «Урыстәыла-2030: аамҭа ҿыц азы ауаажәларратә аҧшьгарақәа».
АААК аспорт маҭәахәқәа х-школк ҳамҭас ирырҭеит
Аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс хықәкылатәи ацхыраара ҟаҵаны, Ҟәланырхәатәи школи, Мгәыӡырхәатәи ашколи, Гәдоуҭатәи ашкол № 5 аспорт маҭәахәқәа рзаархәеит.
М. Х. Егзакьи Ердоган иабжьгаҩ С. Сертчелики реиҧылара.
Абҵарамза 5, Анкара, Ҭырқәтәыла ахада Р. Ердоган иусбарҭа ахыбраҿы имҩаҧысит Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара аиҳабы М. Х. Егзакьи Ҭырқәтәыла ахада иабжьгаҩ Сеит Сертчелики реиҧылара.
М. Е. Егзакь иҳәеит акультуратә, абаҩрҵәыратә, ауаажәларратә еимдаразы ашьаҭа аҧҵара шазҧхьагәаҭоу. Уи иалнаршоит аҩ-тәылак рҿар реидкылара. Иазгәаҭан арҭ агәҭакқәа рырҽеиреи аҭырқәа интересқәа рарбареи рзы иахьрырҭо адиалог ишацхраауа.
«Ҳара ҳазыхиоуп иагьаҳҭахуп аусеицура, избанзар аимадарақәа рыҩаӡара ҳтәылақәа реиҩызара арӷәӷәара иацхраауеит»
— ҳәа азгәеиҭеит М. Х. Егзакь.
Ҭырқәтәыла ахада иабжьгаҩ Сеит Сертчелик ирҭааз асасцәа иҭабуп ҳәа раҳәаны, иазгәеиҭеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи русеицура кыршықәса шахыҵуагьы, аиҩызара иазкны уаанӡа иаҧҵаз аилазаарақәа еиҧмырҟьаӡакәа, иаку асистемаҿы аус шырымуаз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҩ-ганк анаҩстәи русеицура алацәажәаразы Урыстәыла аҭаара дшазыхиоу. Сертчелик еизаз иргәалаиршәеит Ҭырқәтәыла ахада Р. Ердоган иҧылараҿы Анкара ма Сҭампыл аҭырқәа-аурыс университет аҧҵаразы ажәалагала шыҟаиҵаз, аха уи агәҭакы макьана ишынагӡам.
Аицәажәараҿы ишьҭырхит акультура-бҩарҵәыратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара иадҳәалаз атемақәеи, ҧхьаҟа еиқәыршәазар иҟало акьыҧхьратә проектқәеи. Аиҧылараҿы ажәалагала ҟарҵеит аҭырқәа-аурыс еизыҟазаашьақәа ртәы зҳәо ашәҟәы атыжьразы. Уи иабзоурахоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.
«Ашәҟәқәа ркьыҧхьра иалнаршоит аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара»
— ҳәа азгәеиҭеит С. Сертчелик.
Аганқәа иазгәарҭеит Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара аусура ацҵара ишалнаршо атәылақәа реимадара аҳәаақәа рырҭбаара. Уи инаҵшьны иазгәанаҭоит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реимадарақәа рырӷәӷәараҿы ауаажәларратә дипломатиа аҵакы шдуу.
Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Иара убасгьы уи иалахәын Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара аиҳабы иабжьгаҩцәа Кан Ҭаниеи Аҳмеҭ Ҳаҧаҭи.
«Гәыкала». Арзадин Агрба
Уажәазы апроект ихы алаирхәит асас, ахәшәтәратә бҩарҵәыра аметодист, ареабилитолог Арзадин Агрба. Агәабзиара, активтә ҧсҭазаара, Аҧсны лассы-лассы иаҳҧыло ачымазарақәа, адиспансеризациа иазку апроект аҽалархәра уҳәа егьырҭ азҵаарақәа шәырзыӡырҩы «Гәыкала» изаамҭанытәиу аҭыжьымҭаҿы.