Ҭырқәтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҿы иаартхоит АААК аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа
Саид Барганџьиа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа аԥҵахоит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы ҳәа адырра ҟаиҵеит жьҭаара 5 рзы усуратә ныҟәарала Ҭырқәтәыла иаҭааз Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ еиҭеиҳәеит, аҭаара раԥхьатәи амш азыҵәҟьа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа (Аԥсуафед) анапхгареи иареи шеиԥылаз, иагьшырыӡбаз АААК аҭыԥантәи аҟәша Ахеилак Сҭамԥыл иаԥҵазарц. Уи азы иаҭаху ашәҟәқәа зегьы лассы еиқәыршәахоит ҳәа ациҵеит Гыцба.
Иара иазгәеиҭеит иара убас, аиԥылараҿы Аконгресс ахь алахәцәа ҿыцқәа рыдкылара иадҳәалоу азҵаарақәа ишрылацәажәаз. Насгьы аиԥылара иалахәыз ауаа иара уа ишыҟаз Аконгресс иалалеит.
«Зегь раԥхьа Аконгресс алаларазы арзаҳал хаирҭәааит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуафед ахада Аҭанур Аҟәысба. Арзаҳалқәа хадырҭәааит иара убас Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгара алахәцәагьы, сҭамԥылтәи аԥсуа культуратә хеидкылагьы уахь иналаҵаны», – иҳәеит Инар Гыцба.
АААК аҭыԥантәи аҟәша ахеилакқәа Ҭырқәтәыла раартра ахҳәаа азуа, Аԥсуафед ахада Аҭанур Аҟәысба иазгәеиҭеит, Аконгресс – адунеи иаакәыршаны иҟоу ҳауаажәлар зегьы – аԥсуаа, ашәуаа, ашьхарыуаа – еидызкыло хыбра дууп ҳәа ишахәаԥшуа.
«Убри азыҳәан, аратәи ахаҭарнакрақәа, аратәи аусбарҭақәа, ҳдернеқьқәа ҳара ишаҳтәу еиԥш, убасҵәҟьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессгьы иатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Убарҭ еидгыланы аус рур, ҳауаажәлар реидкыларазы, реимадара арҭбааразы – аусқәа иаҳа иманшәалахоит. Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа рӷәӷәауа ҳҿынаҳхар, нас уи ӷәӷәахацыԥхьаӡа Аконгрессгьы еиҳа амч аиуеит ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Рыҩбагьы ара еизҳауеит, насгьы русурақәа иаҳа иманшәалахоит», – ҳәа иԥхьаӡоит Аҟәысба.
Аԥсуафед ахада иазгәеиҭеит, напхгара зиҭо Афедерациеи Ҭырқәтәыла иҟоу АААК аусзуҩцәеи аусеицура рацәаны ишрыбжьоу.
«Адиаспора иқәынхо зегьы рҿы ҳнаӡароуп, рхәыцшьа, рмилаҭтә хдырра ахьынӡаҟоу еилаҳкаароуп. Нас убри иҳауз зегьы анализ азуны, ҭҵаарадыррала ҳазнеироуп. Ҭырқәтәыла иҟоу АААК аофис дууп, убри аусзуҩцәеи ҳареи ҳаицны иҟаҵатәу аусқәа рхиатәуп. Убасҟан иаҳа лассы ҳалгозшәа агәаанагара сымоуп. Ҳауаажәлар атәыла зегьы иалаԥсаны инхоит. Ҳара ҳахьынаӡақәаз ҳнаӡеит акәымзар, ҳахьзымнаӡаз аҭыԥқәагьы ыҟоуп. Убра ҳнеины реидкылара, нас иара Афедерациа аганахьгьы рҭаҩра, Аконгресс аҩнуҵҟагьы иҭаҩны иҟалауа иаҳзыҟаҵар, нас аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа раиура азҵаара ҳашьҭалон», – иҳәеит Аҟәысба.
Иара иациҵеит насгьы, «ус дус ҳаԥхьа иқәгылоу закәызеи ҳәа шәҵаауазар – адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы ридеиа акы акәны аҟаҵароуп» ҳәа.
«Аӡә арахь адахо, ҽаӡәы ҽаџьара дахо, Египет – идеиак ыҟаны, Иорданиа – даҽакы ыҟаны, Ҭырқәтәыла – даҽакы ҳәа иҟалаӡом. Идеиак еицҳамазароуп. Уигьы ҳаидгыланы иҟаҳҵароуп. Иара закәызеи ҳәа шәҵаауазар, раԥхьа – ҳажәлар реиқәырхара, нас – амилаҭ хдырра рыҭара, нас рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь, аҭагылазаашьа рҽеины, рырхынҳәра. Нас доусы русурала реидкылара: абизнес иалақәоу, аспорт иалақәоу, акультура уҳәа убас егьырҭгьы џьарак реидкылара хықәкыс иҳамоуп», – иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иусуратә аҭаара жьҭаара 13-нӡа имҩаԥыслоит. Уи иалагӡаны иазгәаҭоуп Анатолиатәи (Ҭырқәтәыла агәҭатәи арегион – аред.) ахәҭаҿы инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа рԥылара.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.