Ҭаҭласҭан Ҭобыль – абаза литература ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи афольклорҭҵааҩы, аҟабарда-черқьес бызшәеи абаза бызшәеи раԥхьаӡатәи рынбаншәҟәқәеи, егьырҭ ашәҟәқәеи реиқәыршәаҩ, ашәуаа рахьтә раԥхьаӡатәи апрофессионалтә литератор. Ижәлар арккареи, аҵареи рыҭара иашьҭаз уаҩын.

Пиотр Чкала

Амҩа анылара

Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа диит 1879 шықәсазы Ельбырӷан ақыҭан, аокруг асҭаршьын Зақьери Ҳасан-иԥа Ҭобыль иҭаацәараҿы. Зақьери Ҳасан-иԥа ҩынтәны аҭаацәара далалахьан, хәҩык ахшара драбын: хҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи иман.

Ҭаҭласҭан иаб аҵара имамызт, аҩышьеи аԥхьашьеи издыруамызт, аха ус шакәызгьы амал змаз нхаҩын. Игәылацәа изларгәалашәоз ала, ақыҭанхамҩа адагьы, ихатә «пошьҭа» иман — апошьҭатә екипажи, аҽқәеи.

Ҭаҭласҭан аҵараҟны раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаиҵоит Умар Маҟар ишкол аҟны 1905 шықәсазы (ақыҭа Бибердовсқ). Уаҟа дагьалгоит Ардонтәи асеминариа актәи акурс. Архив аҟны инханы иҟоуп Ҭаҭласҭан 1910 шықәса инаркны 1914 шықәсанӡа аҵара шиҵоз атәы зҳәо анҵамҭа, аха уаҟа иарбаӡам аҵара ахьиҵоз аҭыԥ. Иҟалап, иарбоу ашықәсқәа рзы Медрес аҟны аҵара иҵозҭгьы. 1914 шықәсазы Бибердовсктәи алагарҭатә школ аҟны рҵаҩыс аусура далагоит. Рҵаҩыс иусура анахысгьы, инаигӡон амулла иуалԥшьақәа.

1915 шықәсазы Теберда иҟаз Баҭалԥашинсктәи арҵаҩцәа рыҟәша аконференциаҿы иқәгылараан ажәалагала ҟаиҵеит, аҷкәынцәа аҵара шыддырҵо еиԥшҵәҟьа, аӡӷабцәагьы идырҵалатәуп ҳәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵараҵара апроцесс араб бызшәа мацарала акәымкәан, урысшәалагьы ишеиқәыршәатәу. Уи иқәгылара иахҟьаны иусура дамырхуеит.

Ҭаҭласҭан аҭаацәара аԥҵара дахыццакуамызт, хәыҷык иқәрахьгьы днеихьан аԥҳәыс данааигоз. Иԥшәмаԥҳәыс Барзикҳан Қаламбеқ-иԥҳа Қьенџьеқуловеи иареи қыҭак еицатәын. Раԥхьатәи ахәыҷы дроуит 1918 шықәсазы, анаҩс аҭаацәараҿы ииуеит даҽа жәаҩык ахшара, аха ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит ишыхәыҷқәаз.

1920 – 30-тәи ашықәсқәа рзы иусура

Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа арҵаҩы изанааҭ даназыхынҳә Асовет мчра шьақәгылахьан. Аусура далагоит Ельбырӷантәи алагарҭатә школ аҿы. Урҭ ашықәсқәа рзоуп иара даналаго ирккаратә усурагьы.

1924 шықәсазы Ҭобыль араб графикала ачерқьес бызшәа алфавит еиқәиршәеит, уи ԥшьышықәса инарзынаԥшуа акьыԥхь аҿы, ашколтә практикаҿы ахархәара аман (1928 шықәсазы ачерқьес бызшәа алфавит ҿыц аԥҵан, алатин графика шьаҭас иаҭаны, Ҭаҭласҭан Ҭобыль даламырхәӡакәа - аред.). 1925 шықәса инаркны 1932 шықәсанӡа Ҭобыль ачерқьес бызшәала 13 шәҟәы ҭижьит: анбаншәҟәқәа, анбан ашьҭахьтәи аԥхьара шәҟәқәа, аметодикатә цхыраагӡақәа, 1929 шықәсазы иҭыҵит иажәеинраалақәеи, искетчқәеи, идраматә ҩымҭақәеи еидызкылаз ашәҟәы «Зули».

Ачерқьес газеҭ «Адыгатәи аԥсҭазаара» аҭыҵра ианалага инаркны Ҭаҭласҭан уи аредакциа аус ациуан: раԥхьатәи аномер аҟны икьыԥхьан ианҵамҭа «Ԥсҭазаарас иҟоу ҵароуп» ҳәа хьӡыс измаз, аҩбатәи аномер актәи адаҟьа ианылеит истатиа ду «Ефендии агәнаҳарақәеи». Убасгьы агазеҭ «Краснаиа Черқьессиа» аҟны акорреспонденциақәа икьыԥхьуан иара ихатәқә реиԥш, Бериозкини, Нартбиеви, Бездолови (еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы Семион Бабаевски ипсевдоним — аред.) иареи еицаздырхиозгьы.

1930 шықәсазы Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа нхара ҳәа диасуеит Баҭалԥашинскҟа. Уаҟа раԥхьа Арҵаҩратә техникум аҟны рҵаҩыс аусура далагоит, ҩышықәса рышьҭахь, 1932 шықәсазы Черқьессктәи аҭҵаарадырратә институт абызшәеи алитературеи аҟәшахьы иаҵанакуаз абаза бызшәа асектор аиҳабыси аҭҵаарадырратә усзуҩыси аусура далагоит.

1933 шықәса хәажәкырамзазы Ҭобыль ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгаразы раԥхьатәи аныҟәара мҩаԥигеит. Аамҭак ашьҭахь аус ициуан ленинградтәи апрофессор Анатоли Генко, уи иара дицхраауан абаза грамматика ашьҭкаараҿы. Иазгәаҭатәуп, Ҭобыль иусура аганахьала дшиԥылахьаз Сергеи Ожигов — аурыс бызшәа аилыркааратә жәар аиқәыршәаҩ. Иара убасгьы, 1933 шықәсазы Ҭобыль дҭалоит Черқьесстәи аҭҵаарадырратә институт аҟны иаадыртыз аспирантура, уаҟа аҵара иҵон дазҿыз аусқәа аанымкылаӡакәа. Аха 1934 шықәсазы аспирантура аԥаразоужьра ахьаанкылахаз иахҟьаны иадыркыр акәхоит, иара убасгьы иадыркуеит абаза бызшәа асектор, уи аиҳабы иусура дамхын.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа зегь раԥхьа, абҵарамза 25, 1932 шықәсазы Баҭалаԥашинск имҩаԥысит абаза рҵаҩцәеи, абаза усзуҩцәа рактиви рконференциа. Уаҟа, Иҿыцу Анбаншәҟәы Иреиҳау Аидгылазегьтәи Аилак ирыланаҳәеит Черқьессктәи автономтә аобласт аҟны абаза ҩыра аларҵәара азы шыҟанаҵаз. Абри аконференицаҿы ишьақәырӷәӷәан Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа латин шьаҭала еиқәиршәаз алфавити анбаншәҟәи.

Аџьынџтәылатә Еибашьра Ду алагара шықәсқәак шагыз Ҭаҭласҭан Ҭобыль аурыс школ ашәҟәырҵагақәа дырҿыԥшны еиқәиршәеит 19 нбаншәҟәи, абаза грамматика арҵагақәеи, ахоестоматиақәеи, анбан ашьҭахь узыԥхьаша ашәҟәқәеи. Арҵагашәҟәқәа ирнылон афольклортә анҵамҭақәа, еиҭеигаз ма адаптациа ззиуаз аҩымҭақәеи, иара убас Ҭобыль ихатәы рҿиамҭақәеи.

1934 шықәсазы Ҭобыль дадкылан Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь, ԥхынҷкәын 19 рзы иҭан Максим Горки инапынҵа зныз алахәҩы ибилеҭ.

1930-тәи шықәсқәа рзы Ҭобыль еилеигӡон аусқәа рацәаны. Аамҭакала иара алитературатә усурагьы даҿын, ашколтә шәҟәқәа еиқәиршәон, Черқьессктәи арҵаҩратә техникум аҟны рҵаҩыс аус иуан, Черқьессктәи аҭҵаарадыратә институти Амилаҭтә шәҟәҭыжьырҭеи русзуҩс дыҟан. Генко иажәақәа рыла, Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа иакәын усҟан «ашәуаа рахьтә усзуҩ иашаз иҟаҵәҟьаз».

Иҵабыргны иуҳәозар, уи аамҭазы Ҭобыль аус рацәа инапы алакын, аҵаратә процессқәа дырхагылан, убри иахҟьаны апрофессионалтә еиҭазыҟаҵарақәагьы рхысразы даҽа қалақьк аҭаара ицәыуадаҩын, избан акәзар дызҿыз аус аанкылатәхон, арахь иара иеиԥш адырреи аԥышәеи змаз, дзыԥсахша ауаҩы дыҟамызт.

Аҭакра

Ҭобыль илитературатәи ирккаратәи усурақәа аанкылан уаҩ дшазыԥшымыз: цәыббра 19, 1937 шықәсазы Черқьессктәи автономтә област аҿы иҟаз НКВД аусбарҭа аусзуҩцәа Ҭаҭласҭан Ҭобыль дҭаркуеит. Аимдараан имхын инапылаҩырақәа згәылаз ҩ-папкак, итәылауаҩшәҟәы, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалахәратә билеҭ, азанааҭеидгылатә билеҭ. Уи аамҭазы Ҭобыль ихыҵуан 57-58 шықәса, иԥҳа еиҵбаӡа хышықәса ракәын илхыҵуаз.

Ҭаҭласҭан иԥха еиҳабы Нуриа Ҭобыль лгәалашәарақәа рыла, лаб данцоз апалта ԥха мацароуп иигаз, уи иара ишәиҵон аҿахәҿыхрақәа раан. Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа харас идырҵеит Асовет мчра иаҿагылоу аусура мҩаԥигоит ҳәа. Ҩышықәса аҭакра иадҳәалоу

агәаҟҵәаҟрақәа ихигоит. НКВД аиҳабы Николаи Ежов имҩаԥигоз аус хәымгақәа анцәырҵ, цәыббра 13, 1939 шықәсазы Ҭобыль ихәыцны идырҵаз ахара ихыхны, ихы дақәиҭыртәуеит.

Ихы данақәиҭха ашьҭахь

Ҭобыль ихы данақәиҭха инаркны арҵага шәҟәқәа реиқәыршәара аус ахь даарыԥхьоит. Шықәсык ашьҭахь 4-тәи акласс азы арҵага шәҟәы ианылеит Ҭобыль ипоезиатә рҿиамҭа «Аҭаҳмада ҟәыш», иара ԥхьаӡоуп раԥхьатәи абаза поемас.

1941 шықәсазы агазеҭ «Краснаиа Черқьессиа» ианылеит Ҭобыль иажәеинраалақәа хԥа, Нарҭаа репос ашьаҭала ииҩыз.

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду Ҭобыль ихатә рыцҳарак еиԥш идикылеит, уи иахҟьангьы ачымазара бааԥс изҵысит. Аоккупациа аамҭазы анемеццәа Ҭобыль идыргалеит адинхаҵаратә усурахь дхынҳәырц, урҭ абаза жәаԥҟалы аҭак риҭеит: «ахәа аҩны иҩноугалеит ҳәа, уарԥхом».

Аибашьра анеилга ашьҭахь, амилаҭтә газеҭ аҭыҵра еиҭахацыркхеит. Ашьыжь инаркны Ҭобыль аредакциаҿ дыҟан, иааиуаз зегьы рнапы рымхны аԥсшәа реиҳәон, ирыдиныҳәалон Аиааира. Агазеҭ аибашьра ашьҭахь иҭыҵыз раԥхьатәи аномер иманы дцеит арҵаҩратә техникум ашҟа, уаҟагьы аусзуҩцәа зегьы ирыдиныҳәалеит аибашьра аилгара, иуаажәлар игәырӷьара рыцеиҩишеит.

Ҭаҭласҭан иқәрахь дышнеихьазгьы активла аус иуан. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы икьыԥхьит аҭҵарадырратә усумҭақәа ҩба, аҭҵарадырратә напылаҩырақәа ҩба азирхиеит, еиҭаганы икьыԥхьит Николаи Чуковски иповест «Аӡиас ихгылоу аҩн хәыҷы», убасгьы далахәын арҵагатә программақәа жәаҩеи, абаза бызшәа арҵага шәҟәқәеи, абаза литература ахрестоматиақәеи реиқәыршәара.

1947 шықәсазы Ҭобыль иҭижьуеит раԥхьаӡатәи абаза лакәқәа реизга, 1955 шықәсазы — аҩбатәи аизга, Константин Шьаҟрыл (кавказҭҵааҩы, аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵааҩы, апрофессор — аред.) ицавторрала. Ари ашәҟәы абаза культура арҿиара иалеигалаз аҵыхәтәантәи усумҭахеит. 1956 шықзсазы Ҭаҭласҭан Ҭобыль идунеи иԥсахуеит.

Еицырдыруа апрофессор, алитератор Владимир Тугов абас иҳәон Ҭобыль иӡбахә далацәажәауа: «Ҭаҭласҭан Зақьери-иԥа Ҭобыль ихаҭараҿы ажәлар рымчи, рдоуҳатә еизҳарақәеи ихарҭәааны, ганрацәала иаарԥшхеит. Хкырацәала аусқәа рҿы абаҩхатәра ду илан, зегь еиԥшны ицааиуан, зегьы дрымаран: иара иоуп раԥхьаӡа акәны ашәуааи ачерқьесцәеи рзы амилаҭтә алфавит аԥызҵаз, иҭижьхьан библиотекак зырҭәыша арҵага шәҟәқәеи, ажәарқәеи... иара иоуп раԥхьаӡатәи асахьаркыратә ҩымҭақәеи, аҭҵаарадырратә усумҭақәеи аԥызҵаз, иара убасгьы афольклортә баҟақәа ақьаад ахь ииазгаз...». Ҭаҭласҭан Ҭобыль иԥсҭазаара ауаажәларратә, арҿиаратә фырхаҵараны иԥхьаӡоит ашәуа литератор.