Зшьам дгьыл иацәыхараны ииз, аха аԥсуара атрадициақәа рыла иааӡоу, 14 шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ хазына – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба 60 шықәса ихыҵра аҽны АААК аинфопортал ишәыднагалоит иара изку аочерк.
Арифа Қапԥҳа
Мшаԥымза 10 рзы 60 шықәса ихыҵуеит ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба, уи ибзоуралоуп Ҭырқәтәыла аԥхьаҩцәа зегьы ԥсра зқәым Баграт Шьынқәба иаԥҵамҭа – ароман «Ацынҵәарах» рдыруа изыҟалаз. Аиҳабацәа рҟынтә зҭоурыхтә ԥсадгьыл агәыбылра зкхьаз, дшыхәыҷызнатә аԥсшәа цқьаны изҳәоз Ҳаири Қәҭарба 1990-тәи ашықәсқәа рзы Ҭырқәтәыла ашәҟәҭыжьырҭа ааиртит, Аԥсны акала дахәарц азы. Иара деиҭагаҩуп, ароман «Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит» давторуп, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далахәуп. Ҳаири Қәҭарба ибиографиаҿы иҟоуп акрызҵазкуа даҽа цәаҳәакгьы: иара Аԥсныҟа дхынҳәиижьҭеи 14 шықәса ҵуеит, дынхоит Гәылрыԥшь араионаҿы.
Иџьашьахәу ахьӡ змоу аԥсуа қыҭа
Ҳаири Қәҭарба диит ҭырқәтәылатәи ақалақь Дузџьа иазааигәоу ақыҭа Есмаҳаным аҟны. Ақыҭа ахьӡ аԥсуа ԥхәыс лыхьӡ иахаршалоуп. Есма лыхьӡын зеижәтәи ашәышықәсазы абарҭ аҭыԥқәа рҟны нхара иааз аԥсуаа раԥхьагыла иԥҳәыс. Лара д-Ӡаԥшьԥҳан. Лыԥшәма данлыԥха аамышьҭахь Есма Ӡаԥшьԥҳа Акаԥантә ихҵәаны иааз лыжәлар дырхагылеит.
«Уажә ааигәанӡа Ҭырқәтәыла зегьы аҟны ҳара ҳқыҭа заҵәык акәын аԥҳәыс лаҳаҭыразы, лыхьӡала иҟаз. Аҭырқәцәа уи даара иџьаршьон», – ҳәа азгәеиҭоит Ҳаири Қәҭарба.
Ари ақыҭаҿы дынхон Ҳаири иабду иаб Базала, иара уаҟа диит иабдугьы, нас иаб, нас иара Ҳаири ихаҭа. Аамҭақәак рышьҭахь Ҳаири иҭаацәа Дузџьа ақалақь ахь нхара ииасит. Ашкол даналга ашьҭахь Ҳаири дҳақьымхарц иҭахын, дҭалеит Анкаратәи амедицинатә университет. Аха уаҟа аҵара рацәак игәамԥхазт, даҽа хырхарҭак ала ддәықәларц иӡбеит: дҭалоит Сҭамԥылтәи атехникатә университет, иагьиоуеит анџьныр-аргылаҩ изанааҭ. Арҭ афактқәа идыршаҳаҭуеит Ҳаири ганрацәала абаҩхатәра злоу, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны зхы аарԥшра зылшо аӡә шиакәу, убри аҟнытә иџьашьатәӡам аамҭак ашьҭахь ашәҟәҩыреи, аиҭагареи, ашәҟәҭыжьреи аус аҿгьы қәҿиарала ихы ахьааирԥшыз.
Абызшәақәа реилаԥсара
Ҳаири дхәыҷны раԥхьаӡа ацәажәара дызлалагаз аԥсуа бызшәоуп: аҭаацәараҿгьы аԥсшәа акәын ирҳәоз. Иазгәаҭатәуп урҭ ашықәсқәа раан ажәлар маҷқәа рбызшәақәа рыла иахьцәажәоз Ҭырқәтәыла аиҳабыра рацәакгьы иргәаԥхомызт.
«Ҭырқәтәыла ассимилиациа аполитика мҩаԥыргон, – ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳаири Қәҭарба. – Лассы-лассы аԥсуа ҭаацәарақәа реиҳабацәа еидкыланы агәра ддыргарц иалагон: шәхәыҷқәа аԥсшәа дшәмырҵан, уи иаԥсам усуп ҳәа, избанзар нас аҭырқәшәа ишахәҭоу еиԥш ирызҵаӡом, аҭырқәа уаажәларра изахәҭакхаӡом, иҵарадоу «қыҭауааны» иаанхоит ҳәа. Убасқәа ҳәаны ҳабацәа ржьон, саргьы ибзианы сахаануп уи аамҭа».
Ҳаири ианду аҭырқәшәа зынӡа илыздыруамызт, иабду идыруан, ицқьангьы иҳәон, аха аҩны имоҭацәа дызларацәажәоз ԥсышәа мацаран: ахҵәацәа ибзианы еилыркаауан рхатәы бызшәа ахьынӡарҿыҵаку рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара шеиқәдырхауа. Ҳаири иан аҭырқәшәа лдыруан. Ашкол аҿгьы аҭырқәшәа рҵон. Абас еиԥш абызшәеилаԥса аҭагылазаашьаҿы ирызҳауан ҭырқәтәылатәи аԥсуа ҭаацәарақәа реиҳарак рҟны ахәыҷқәа. Убарҭ рабиԥара аԥсышәалагьы ҭырқәшәалагьы ибзиаӡаны ицәажәо роуп иахьа. Усҟан ахәыҷқәа аҭырқәшәа ахьырҵоз аҩны анҭыҵ акәын.
«Аҭырқәшәа ахьаҳҵоз адәахьы акәын, нас ашкол аҿы ҳдыррақәа ирыцлеит, нас абызшәа адырраҿы убас аамҭак ҟалеит, иҳазгәамҭакәа аҭырқәшәахь ҳаиасуа аҟынӡа, еиҳаракгьы ақалақь ахь нхара ҳанца.
«Алакәқәа рыла Аԥсны аӡбахә ҳаҳауан»
Ҳаири Қәҭарба ианду д-Аӡынԥҳан, Гәбаадәы иқәҵыз (иахьатәи Красная Поляна, Шәача ақалақь 64 км рыла иацәыхароу ҳаблоуп – аред.) аԥсуаа дырхылҵшьҭран. Лара алакәқәа рацәаӡаны илдыруан, аԥсышәа цқьала лмоҭацәа ирзеиҭалҳәон урҭ.
«Ҳанду алакәқәа рыла ҳлааӡеит, – ҳәа игәалаиршәоит Ҳаири. – Сандуха урҭ алакәқәа ҭысҵаауа салагеит, ақьаадгьы ианысҵеит – санду лҟынтә исаҳаз 18 лакә. Убарҭ иреиуан алакә «Гагра амҩа зкыз». Азҵаара ҳазцәырҵуан: иабаҟоушь абри Гагра? Гагра ахьыҟоу Аԥсноуп. Абас алакәқәа рыла ҳаԥсадгьыл Аԥсны аӡбахә ҳаҳауан».
Қәҭарба иҳаиҳәеит, аиҳабыра абиԥара идырны ахҵәара иацыз арыцҳарақәа ртәы ахәыҷқәа ишырзеиҭарымҳәоз, иара Аԥсны аӡбахәгьы уарла-шәарла акәын ишуаҳауаз. Убас зыҟарҵоз Ҳаири Қәҭарба ианеиликаа 2011 шықәсазы иҭоурыхтә роман «Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит» аус адуланы даналга ауп.
Абри ашәҟәы анҭыҵ ашьҭахь, аерман шәҟәыҩҩык аҭел дизасын еиқәшәарц азы аҳәара ҟалҵеит. Ианеиқәшәа лара гәаартыла илҳәеит абас: уроман санаԥхьа еилыскааит аерманцәа рхәыҷқәа иашамкәа ишырааӡо ҳәа. «Ҳара ҳҩымҭақәа рҿы еснагь ҳҵәыуеит, иаҳзаарцаз ахлымӡаах ҳахашшауеит, ҳаршьуан, ҳандырҵәон ҳәа ҳхы ҳаасуа ҳақәуп лҳәеит убри ашәҟәыҩҩы. Ажәакала, аҵәыуароуп ҳазҿу лҳәеит. Уара уроман аҿы ахҵәарагьы ыҟоуп, агәаҟрақәагьы ыҟоуп, аха ауаа рхы ладмырҟәит, ргәы кармыжьит. Иахьыҟазаалак, изықәшәазаалак рхы шьҭыхны иркуп. Уроман ала сара еилыскааит, шәара ахашшаарада шәшырааӡаз, агәкамыжьреи ахпатуқәҵареи шәыманы», – ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳаири.
Иагьациҵоит, иабдуцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра ишамеигәыӷуазгьы, қәнагала ирыӡбеит иахьааиз раԥсуара дмырӡырц, рхәыҷқәа аԥсуа ҵас-қьабзла ирааӡарц.
Аԥсуаа рхәыҷқәа атәым дгьыл аҟны ишрызҳауазгьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл агәыбылра рыларааӡон.
«Аҭырқәа ҵасқәа патуқәҵарала ҳрызнеиларц ҳабжьыргон, аха ахаангьы урҭ ҳара иаҳхатәны иҳадаҳкылар руамызт. Агәра ҳдыргеит, ҳаԥсуара анаҳцәыӡ, зегь шаҳцәыӡуа. Ҳабацәа анс-арс уанақәшәалак иҟаҵатәу ҳәа ҷыдала акгьы ҳдырҵомызт, дара рхаҭақәа аԥсыуала рхы мҩаԥыргон, убри иаҳбоз рхымҩаԥгашьоуп ҳара ҳзааӡазгьы», – ҳәа азгәеиҭоит Ҳаири.
Ашәҟәҭыжьырҭа «Нарҭ»
Ҽнак зны Ҳаири Қәҭарба ааԥхьара иоуит тырқәтәылатәи аԥсуа диаспора зыхьӡ нагоу ахаҭарнак, еицырдыруа аҵарауаҩ ду Омар Беигәаа иҟынтә, уи иирбеит Аԥсны аҳәынҭкарратә университет аректор Алеко Гәарамиа иҟынтә иоуз ашәҟәы. Ашәҟәы иаҳәон хара имгакәа аԥсуа дгьыл аҿы аибашьра иалагар шалшо. Ҳаири даара игәы ианырит ари ажәабжь. Ҭырқәтәыла дыҟаны иҭоурыхтә ԥсадгьыл дызлахәари ҳәа дхәыцуа, Ҳаири Қәҭарба иҩызцәа аашьҭыхны ашәҟәҭыжьырҭа «Нарҭ» ааиртит.
Ашәҟәҭыжьырҭаҿы дара еиҭаганы иркьыԥхьуан Аԥсны аҭоурыхи иахьатәи аҭагылазаашьеи ирызкны иҭыҵуаз, хра злоу ашәҟәы-абыӷьшәы. Арҭ ашәҟәқәа даара ирылаҵәеит ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора. Урҭ рыбжьара иҟан аҵарауаа Иура Аргәыни Гьаргь Амҷбеи рышәҟәқәагьы. Ҳаири ихаҭагьы авторс дықәгылеит, уи иҩит ашәҟәы «Ачерқьесцәа рҭоурых». Аха реиҳа акрызҵазкуа иусумҭаны иҟалеит Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҭырқәшәахь аиҭага, уи кьыԥхьын 1990 шықәсазы.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аамышьҭахьгьы Ҳаири иҩызцәеи иареи акьыԥхьратә ус иацырҵеит, Ҭырқәтәыла иҭрыжьуан ажурнал «Алашара».
Аҩны – иԥсадгьыл аҿы
Ҳаири Қәҭарба раԥхьаӡа акәны Аԥсны ишьапы ықәиргылеит 1990 шықәсазы, 2006 шықәсазы иԥсадгьыл ахь нхара ҳәа даарц иӡбеит. «Напҭацәы сааит, акгьы аазымгеит сахьаауаз, ԥара дукгьы сымамызт усҟан», – ҳәа игәалаиршәоит Қәҭарба. – Убас саан, уи нахыс абра Гәылрыԥшь сынхоит.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы (иахьа Арепатриациазы аминистрра – аред.) ацхыраарала Ҳаири ихәҳаит Гәылрыԥшь зыбжа еилаҳахьаз ҩнык. Аҭыԥ даара игәаԥхеит. Аџьабаа маҷымкәа иадҵаны занааҭла инџьныру Ҳаири Қәҭарба аҩны иагыз-иабзаз рҽеины иргылеит.
Ҳаири гәалсрала иазгәеиҭоит, араҟа Аԥсны изанааҭ ала аусура рацәак ишалымҵуа, избанзар «араҟа доусы ихазы дынџьныруп». Ҭырқәтәылагьы уажә ааигәанӡа аҭагылазаашьа убас иҟан. Ауаа рхала аҩнқәа дыргылон, хәба-фба еихагыла иҟоу, нас 2011 шықәсазы адгьылҵысра аныҟала аҩнқәа цәгьала еилаҳаит, ауаа иҭахаз рацәаҩхеит. Уи аахыс Ҭырқәтәыла аргылара аганахьала ахылаԥшра ӷәӷәа ыҟоуп, ара макьана «доусы ихазы дынџьныруп».
«Аӡәы изы аҩны аргылара уалагоит, аԥхьа зегь игәаԥхоит, аха нас ак иԥсахуеит, иаҳа ишеиӷьу уирҵоит ҳәа далагоит. Ус ҟауҵар, аҩны еилаҳауеит ҳәа иауҳәар – дгәаауеит. Убри аҟнытә сара ара аусурҭа сзыԥшааӡом, усда стәоуп. Ауҭра сымоуп. Абаҳча сааӡоит, ашәырхкқәа рацәаны исымоуп. Аџьырџмыкьаҿы аламала акгьы аасхәаӡом, зегь сара иаасрыхуеит. Арепатриантцәа реиҳараҩык реиԥш ауаҭах аҿы сынхозҭгьы, усурада схы сызныҟәымгар ҟаларын», – ҳәа игәҭыхақәа ҳацеиҩишеит Ҳаири.
Ҳаири Қәҭарба ателехәаԥшратә журналистикаҿгьы ихы ԥишәахьеит. Ателеканал «Абаза-ТВ» аҟны ҩышықәса инарзынаԥшуа ицон иара имҩаԥигоз адырраҭара «Аԥсадгьыл агәеисыбжь». Ари адырраҭараҿы арепатриантцәа рыпроблемақәа дырзааҭгылон, адиаспора аԥсҭазаашьа атәы еиҭаиҳәон.
Уажәы зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо Ҳаири Қәҭарба игәы изырхьуа акызаҵәык ауп – икәша-мыкәша аԥсшәа маҷны иахьиаҳауа. Иара игәы ззыҳәо – аԥсуаа зегьы рхатәы бызшәала ицәажәо, арепатриантцәеи аҭыпантәи ауааԥсыреи аилибакаара, агәыбылра рыманы инхо-инҵуа абароуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.