Амениу
8 Ԥхынҷкәын 2024
09:34
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    12 Абҵара 2023
12.11.2023 20:38
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла

Инар Гыцба Ҭырқәтәыла иҟоу АААК арегионалтә ҟәша аҟынтә Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәы дырԥылеит.

Аԥсуафед VIII изаамҭанытәиу Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Ҭырқәтәыла иҟоу АААК арегионалтә ҟәша Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа дрықәшәеит. Аиԥылараҿы иалацәажәеит аусеицуреи аимадарақәеи рырҭбаара, амилаҭ-культуратә ҭынха ахьчареи ақьабзқәа реиқәырхареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

0
12.11.2023 20:21
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла

Левент Аҭрышба Аԥсуафед ахантәаҩ ҿыцс далхуп.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VIII изаамҭанытәиу Ассамблеиа хада мҩаԥысит Измиҭ ақалақь аҟны. Аизара иалахәын 286-ҩык аделегатцәа, акультуратә хеидкылақәа 22 рҟынтә, иара убас Аԥсны Жәлар Реизара аделегациагьы, АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ, адепутат Инар Гыцба дназлаз.

Аизараҿы иалхын Аԥсуафед анапхгареи ахантәаҩи. Акандидатцәа хҩык ықәгылан: Ерџьаи Пачкориа, Ҳасан Қардиа, Левент Аҭрышба. Алхрақәа рлыҵшәақәа рыла, аиааира игеит Левент Аҭрышба.

0
12.11.2023 13:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Пантик Тапаӷәуа иҿцәажәара.

Ажурналист Екатерина Бебиа лавтортә программа «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл аҿы  диҿцәажәоит арҵаҩы, ааӡаҩ, Кәтолтәи абжьаратә школ акыр шықәса  директорс иҟаз Пантик Тапаӷәуа. Анҵамҭа ҟаҵан Аҟәа  2009 шықәсазы Аҧсуа ҳәынҭарратә телехәаҧшра астудиаҿ. https://abaza.org/abk/1101

0