Амениу
8 Цәыббра 2024
02:37
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    23 Абҵара 2023
23.11.2023 18:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК азанааҭалхра иазкыз аиԥылара мҩаԥнагеит Аҷандара

Иахьатәи адунеи иаҭаху азанааҭқәа хкырацәала еиларсуп, дара урҭгьы есышықәса рыҽдырҿыцуеит, рҽеиҭаркуеит. Уара узызку, иуқәҿиаша уск шԥалухра, хырхарҭас иалԥшаатәуи, ҵарас иҵатәуи - хшыҩла, дыррала изызнеины имҩаԥгоу азанааҭалхратә мҩақәҵара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рҭак аҟаҵараҿы ицхыраагӡоуп аҿар рзы. АААК Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша абри атема иазкыз изаамҭанытәиу аиԥылара мҩаԥнагеит Аҷандара ақыҭан.

Атренинг ахь ааԥхьара роуны рхы аладырхәит: ААУ Аҟазарақәа рфакультет астудент Амина Џьынџьалԥҳа, агро-анџьныртә факультет астудент Аинар Багаҭелиа, афизика-математикатә факультет астудент Нестор Касланӡиа, иара убас МГИМО жәларбжьаратәи ажурналистика афакультет аушьҭымҭа Наала Ҷкадуа. Аиҩызаратә ҟазшьа змаз, аԥхара зцыз аицәажәара иалагӡаны еиқәаҳаԥхьаӡаз асасцәеи АААК ахаҭарнакцәа Изольда Ҳагԥҳаи Наур Хышбеи ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит доус рыԥсҭазааратә ԥышәа иднарҵаз, аҵара ахьырҵоз, аус ахьыруа уҳәа.

Ашкол аҵаҩцәа даара иазҿлымҳаны игәныркылон ираҳауаз, аицәажәара иалахәын, азҵаарақәа рҭиуан. Дара реиҳараҩык рзы аиԥш зеиԥшу аицәажәара раԥхьаӡатәиин. Аиԥылара ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа ирзыршеит азанааҭалхраҿы ирыхәаша, инарҭбаау аинформациеи, аҭелқәоу зну ашәҟәы-абыӷьшәы. Азанааҭалхра иазку апроект хықәкыс иамоуп иҷыдоу абжьаратә ҵареи, иреиҳаӡоу аҵареи иахьазы аҿар ирыдыргало еиуеиԥшым азанааҭқәа рыӡбахә аларҵәара. Апроект хацыркуижьҭеи абас еиԥш 14 еиԥылара мҩаԥысхьеит.

0
23.11.2023 09:26
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Калдахәара ашкол-интернат аҟны адиспансеризациа мҩаԥнагеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ргәабзиара гәанаҭеит. Зынӡа агәаҭара иахысит 150-ҩык ауааԥсыра. Аусмҩаԥгатә иалахәын: ахәыҷтәы ҳақьымцәа Ангелина Оҭырԥҳаи Наталиа Роговеи, аневролог Саида Кәанџьариа, ареабилитолог Арзадин Агрба, акардиолог Алиона Жваниа, амедеиҳәшьцәа Иналита Барзаниеи, Алина Тарԥҳаи, аендокринолог Лиа Папԥҳа, ауролог Давид Смыр, аблаҳақьым Мадина Жьиԥҳа, ахәдаҳақьым Лана Мқанԥҳа.

Адиспансеризациа амҩаԥгара рхы аладырхәит иара убас Аҟәатәи амедициантә коллеџь астудентцәа.

Ашколхәыҷқәа ргәабзиара зеиԥшла ибзиоуп ҳәа алкаа ҟарҵеит. Ачымазарақәа здырбалаз ҩаԥхьа аспециалистцәа изыдҵаалаша рыӡбахә рарҳәеит. Ақыҭашколқәа рҟны абас еиԥш адиспансеризациа амҩаԥгара хықәкыс иамоуп ақалақь иацәыхароу ауааԥсыра амедицинатә хылаԥшра рыгмыжьра, ргәабзиара ашәарҭара аҭамыргылара.

0