Амениу
13 Ԥхынҷкәын 2025
17:22
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    2 Цәыббра 2025
02.09.2025 19:34
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК иацнаҵоит арҵагатә карточкақәа ршара.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьегьиаҧҳаи иацырҵоит арҵаратә проект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡоу аусура. 300 цыра инареиҳаны акарточкатә еизгақәа рышьҭит Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рахь. Уаанӡа акарточкақәа рзыршахьан Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа рыҟнытә ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь. 

Ахатәы бызшәа аҭҵаараҿы ицхыраагӡоу арҿиагатә материалқәа еиқәыршәоуп ашколқәратәи ашколқәранӡатәи акатегориа иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы.

0
02.09.2025 11:54
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Ҟәланырхәа ашкол аҵаҩцәа ирыцхрааит

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша Михаил Ҭраҧшь ихьӡ зху Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ иацхрааит. АААК амчқәа рыла арҵаратә кабинеҭқәа рҿы ашә ҿыцқәа ҿарҵеит.

0