Лента событий ВААК
14 Нанҳәа 2023
14.08.2023 15:21
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
АААК аусзуҩцәа ахатәгәаԥхаҩцәа ирызку афотоцәыргақәҵаҟны.
Аконгресс аусзуҩцәа аҭааит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирывагылаз афырхацәа ирызку афотоцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵаҿы иалкаау аҭыԥ изылхын аибашьҩы ду, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Султан Сосналиев, иара убас ицәырган аибашьра адәаҿы иҭахаз аҳәса рфотосахьақәагьы.
0
14.08.2023 09:28
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аԥсҭазааразы аԥсра ҳазцон
1992 шықәса нанҳәа 14 ашьыжьымҭан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аруаа, аихамҩа ахьчара ҿыҵгас иҟаҵаны, Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәаа иахысны, Аҟәаҟа узго амҩаду ала ҳтәыла иалалеит. Абас иалагеит 413 мши-ҵхи ицоз, ишьаарҵәырахаз аибашьра, аҧсуаа рықәхра хықәкыс измаз. https://abaza.org/abk/125