Лента событий ВААК
21 Нанҳәа 2023
21.08.2023 19:40
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
"Асаламшәҟәы": Аԥсны Афырхаҵа Родик Тәанба иҭаацәа ирзицҳаз асаламшәҟәы.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит апроект "Асаламшәҟәы". Апроект еиднакылоит аибашьра иалахәыз, ма шаҳаҭс измаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи ирзырышьҭуаз асаламшәҟәқәа ирызкуп иара. Асаламшәҟәқәа ирыԥхьоит Аконгресс аусзуҩцәа. Авидеонҵамҭақәа ес-хымш икьԥхьхоит цәыббра 30-нӡа, Аконгресс асоциалтә ҳақәеи асаити рҟны.
Родик Тәанба исаламшәҟәы иҩит иҭахара ҩы-мчыбжь шагыз.
0
21.08.2023 19:27
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Еицлабны идрыцқьеит: Гәымсҭа аӡиас ахықәан «Ацқьа хәмаррақәа» мҩаԥысит
Аекологиатә акциа алахәцәа еицлабуан реиҳа иласны агәам еизызго ҳәа. Иааидкыланы 20 минуҭ рыла 76 кьыла агәам-сам еизыҳәҳәан. https://abaza.org/abk/1060