Лента событий ВААК
30 Нанҳәа 2023
30.08.2023 17:57
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
«Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: ауниверситет арҵаҩы Лиудмила Хьыбба лыҿцәажәара
Ажурналист Екатерина Бебиа лтеледырраҭара «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл аҿы длыҿцәажәоит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа литература акафедра арҵаҩы, Лиудмила Хьыбба.Анҵамҭа ҟаҵан Аҧсуа телехәаҧшра астудиаҿ, 2009 шықәсазы. https://abaza.org/abk/1043
0
30.08.2023 17:45
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла
Ҳџьынџьуаҩ Утку Қапба тхеквондо азы адунеи ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.
Ҭырқәтәылатәи ақыҭа Ефҭение инхо ҳџьынџьуаҩ хәыҷы Утку Қапба аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит акадетцәа рыбжьара тхеквондо азы адунеи ачемпионат аҟны. Аицлабра мҩаԥысуан Босниеи Герцеговинеи раҳҭнықалақь Сараево. Аспортсмен қәыԥш ачемпион актәи амш азы иҽаликааит 148 сантиметра рҟынӡа зоура наӡо арԥарацәа рҟынтә араӡны медал даиааины.