Лента событий ВААК
15 Нанҳәа 2023
15.08.2023 16:05
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
"Аибашьра асаламшәҟәы": Надушьа Аргәын иҭахаз лԥа изылҩыз ашәҟәы, абригьы анылҵеит, лыхгьы аԥырылхит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит "Аибашьра асаламшәҟәы" ҳәа хьӡыс изауз апроект. Аибашьра иалахәыз, ма шаҳаҭс измаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи ирзырышьҭуаз асаламшәҟәқәа ирызкуп иара. Асаламшәҟәқәа ирыԥхьоит Аконгресс аусзуҩцәа. Апроект хацыркуп нанҳәа 14 - Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага аҽны. Авидеонҵамҭақәа ес-хымш икьԥхьхалоит цәыббра 30 рҟынӡа, Аконгресс асоциалтә ҳақәеи асаити рҟны.
0
15.08.2023 15:32
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
АААК аусзуҩцәа рхы аладырхәит Хатәгәаԥхарауаа рымш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа.
Аконгресс аусзуҩцәа Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхарауаа ргәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит. Ари амш инеиҵыхны иазгәарҭеит Гәдоуҭа - аибашьраан Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа рконфедерациа аштаб ахьыҟаз.