Амениу
19 Мшаԥы 2026
07:29
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    18 Нанҳәа 2023
18.08.2023 16:21
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

"Аибашьра асаламшәҟәы": Асҭамыр Езыгәбаиа иҭаацәа рахь аҵыхәтәантәи исаламшәҟәы

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит "Аибашьра асаламшәҟәы" ҳәа хьӡыс изауз апроект. Аибашьра иалахәыз, ма шаҳаҭс измаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи ирзырышьҭуаз асаламшәҟәқәа ирызкуп иара. Асаламшәҟәқәа ирыԥхьоит Аконгресс аусзуҩцәа. Апроект хацыркуп нанҳәа 14 - Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага аҽны. Авидеонҵамҭақәа ес-хымш икьԥхьхалоит цәыббра 30 рҟынӡа, Аконгресс асоциалтә ҳақәеи асаити рҟны.

0
18.08.2023 15:53
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аԥсуа милаҭ хәмаррақәа ртурнир аҽазыҟаҵарақәа ирыцнаҵоит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аиҳабы Валери Берзениа иациҵоит аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рырҵара иазку амастер-классқәа рымҩаԥгара. Убас, ааигәа Ҭхьынатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа идирҵон аԥсуа хәмаррақәа "Аимҵакьача", "Ахылԥахас", "Мцымца". Иааираны иҟоу атурнир аиҳабарытә классқәа рыбжьара шакәугьы ишымҩаԥысуа, амастер-класс иалахәхарц рҭаххеит аҵаҩцәа еиҵбацәагьы. Зынӡа 15-ҩык ашколхәыҷқәа аҽазыҟаҵара иахысит.
Аханатә еилкаахеит ахәыҷқәа зҿлымҳара дула, иргәаԥхангьы ари аус ишазнеиз. Зегь реиҳа иамҽханакит аилҟьареи аласреи зҭаху ахәмарра "Аимҵакьача".
Ас еиԥш иҟоу амастер-классқәа ирылҵшәахоит Аԥсны араионтә школқәа рыбжьара амилаҭ хәмаррақәа рзы атурнир амҩаԥгара, иара еиҿкаахоит аетнопарк "Аԥсны" иахьаҵанакуа, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы.

0