Лента событий ВААК
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Артек" иаҭааит.
Знык иадымхаргьы ахәыҷҭәы лагер "Артек" абара иамеилаҳацда? Абар уажәшьҭа шәышықәса ҵырц егьагым зыӡбахә ҳамоу жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр миллионҩыла ашколхәыҷқәа рыԥхыӡ иалоуижьҭеи, избан акәзар ари зеиԥш ыҟам ҭыԥуп - адунеи акәақьқәа зегьы рҟынтә ахәыҷқәа ахьеизырго, иахьеиҩызцәахо. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакрагьы алшара ҟанаҵеит ҳтәыла ахәыҷқәа "Артек" иаҭаарц азы. Сынтәа раԥхьаӡа акәны, иҟоу адипломатиатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа ицхыраарала Аконгресс Аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Артек" ахь реидкыла аҽаланархәит. Ԥхынгәы 16 инаркны нанҳәа 4 рҟынӡа "Артек" иаднакылеит 30-ҩык инареиҳаны 14-17 шықәса зхыҵуа ашколхәыҷқәа, Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә. Урҭ рахьтә 15-ҩык хылаԥшра рызнауан Аконгресс.
Аԥснытәи ахәыҷқәа алагер аабатәи асмена иақәшәеит, инеиҵыху уи апрограмма иалан еиуеиԥшым алахҿыхратә, арҵаратә, абаҩрҵәыратә усмҩаԥгатәқәа. Абасала хымчыбжь Ҟрым ирыхганы аԥсуа гәыԥ рыҩныҟақәа ихынҳәит. Нанҳәа 9 рзы ахәыҷқәа реиԥылара еиҿкаан Аҟәа иҟоу Москва аҩны ахыбраҟны. Алагер баны иааз рцәаныррақәеи ргәалашәарақәеи ирзааҭгылон, иргәаԥхаз, ҿыцс еилыркааз еиҭарҳәон, аиҿкааҩцәа ирыҿцәажәон, ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәон.
"Ҳныҟәара сгәы иҭҵәом. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аҩызцәа сырҳаит, даара сеигәырӷьоит. Ҳныҟәарақәеи, ҳҵатәхәқәеи уҳәа ҳаамҭа шаҳхаҳгоз даара исгәаԥхон. Исоуз адыррақәа саԥхьаҟа ишсыхәо азы гәыҩбара сымам", - лҳәеит "Артек" иҟаз руаӡәы Мариа Адлеиԥҳа.
"Артек" еизнагеит милаҭрацәала аҿар, убри аҟнытә даара ҳазҿлымҳан егьырҭ ажәларқәа ркультуреи рҵасқәеи рҷыдарақәа. Ҳаргьы ҳкәашеит, ҳмилаҭ хәмаррақәа дҳарбеит, акультуратә фестиваль аан ҳаԥсадгьыл аҭоурыхи, аԥшӡарақәеи, ақьабзқәеи зеиԥшроу еиҭаҳҳәеит", - лҳәеит Вероника Ҳагԥҳа.
2025 шықәсазы ахәыҷтәы лагер "Артек" 100 шықәса ахыҵуеит, иара уи ашықәс иақәшәоит ҩ-миллионктәи алахәҩы идкылара, издыруада, уи уара уакәхар?
АААК иацнаҵоит аныҟәареи аҵареи еилазыгӡо апроект "Аимадара" амҩаԥгара.
Ахәыҷқәа рыԥсшьараамҭа хырҳаганы ирхыргартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара иазку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭхьынатәи ашкол аҵаҩцәа рзы аныҟәара еиҿкаан. 80-ҩык ашколхәыҷқәа Гагра иҟоу амилаҭтә дельфинари иаҭааит, Мгәыӡырхәа иҟоу амилаҭтә гәарԥ "Аԥсны" рбеит, Аацы иҟоу алымааӡарҭа "Праид" инеит.
Ахәыҷқәа аиҳараҩык раԥхьаӡа акәны арҭ аҭыԥқәа лабҿаба ирбон. Акыр агәыхыҭхыҭреи аҿыцрақәеи зцыз амш ацәанырра рацәа рызцәырнагеит. акыраамҭа иаҳхашҭуам ҳәа ргәы ишҭымҵәоз рҳәон.
"Ҳара раԥхьаӡа акәны адельфинари, аетнопарки, алымқәа рааӡарҭеи ҳбеит. Ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иҳацзаауа гәалашәараны иаанхар ҟалап ари амш", - лҳәеит аныҟәара иалахәыз руаӡәы.
Сынтәала "Аимадара" еиҿнакаахьоу рахьтә ари аԥшьбатәи ныҟәароуп. Анаҩстәи аныҟәара мҩаԥысуеит ҳазҭоу амза нҵәаанӡа Арасаӡыхьи Баслахәи ашколқәа рҵаҩцәа рзыҳәан.